Абиткоин жәабран ааба раахыижьҭеи раԥхьаӡа акәны ахә каҳаит

Биткоин лаҵара 19 азтәи адыррақәа рыла 13,7 процент рыла ахә каҳаит, 39,26 нызқь доллар аҟны ишьақәгылеит. Абри азы адырра ҟанаҵеит акриптовалиутақәа рыла иахьыхәаахәҭуа абиржа Binance.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Биткоин уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 14 процент ахә каҳаны 39 000 доллар аҟынӡа илеит, акриптовалиута аикәыршаразы ауадаҩрақәа ҟалоит ҳәа Китаинтәи адырра аныҟала ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

20 биржа рҟны ахәԥсақәа ҭызҵааз апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла, биткоин 39,28 000 доллар рҟынӡа ахә каҳаит.

Уаанӡа Китаи абанк хада аҳәамҭа ҟанаҵеит ахәԥсашәараҿы акриптовалиута ахархәара алшом ҳәа. Абри атәы аанацҳаит амаҵзура Франс Пресс.

Мшаԥы 14 азы биткоин аҭоурыхтә максимум 64 854 доллар ишьақәгылеит. Абас ала, уи иаҿырԥшны абиткоин 38 процент ацәыӡхьеит.