Аҽыуаа, "нарҭаа рымца", ашьамаҟа: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аԥсны ишазгәарҭаз

Sputnik

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иргәаладыршәеит амҳаџьырра иалаӡыз Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси Арепатриациазы аҳәынҭеилаки Аҟәа еиҿыркааит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы игылоу абаҟа азааигәара еиҿкаан афотоцәыргақәҵа, Аԥсуа драматә театр аҿы идырбан аспектакль "Ацынҵәарах", ахәылбыҽха, амшын аԥшаҳәаҿы алашарбагақәа кны имҩасит, иадыркит ашьамаҟа, "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит, ашәҭқәа амшын ихырҵеит.

Аҽыуаа, "нарҭаа рымца", ашьамаҟа: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аԥсны ишазгәарҭаз

Арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын атәыла анапхгара, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз аԥсуаа.

Гәдоуҭа амҳаџьырцәа ргәалашәара ацеремониа мҩаԥысит аҭыԥантәи ауааԥсыра зықьҩыла амҳаџьырра ашықәсқәа раан изқәыртәаны атәым дгьыл ахь изларгоз аҭырқәа ӷба "Маҳмадиа" символс измоу амемориал аҿы. Уи 2018 шықәсазы иргылеит архитектор Игор Смыр, иара гәдоуҭатәи абаӷәаза авараҿы ишьақәыргылоуп.

Гагра абри амш азгәарҭеит агәашьаркыра аҟынтәи ахьыԥшымра Амемориал аҟынӡа амҩасрала, анаҩс ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Лаҵара 21 1864 шықәса - Кавказтәи аибашьра анхыркәшахаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, егьырҭ Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамызт.

Ари амш азгәарҭоит адунеи иалаԥсоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Зегь реиҳа идуу аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

1 / 11
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәа ргәаладыршәеит лаҵара 21 рзы. Уи аҳаҭыр азы Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианысит аҽыуаа.
2 / 11
Аҿар абираҟқәа кны амшын аԥшаҳәа ианыланы амҳаџьырқәа рбаҟаҟынӡа инеит.
3 / 11
Кавказтәи аибашьра анхыркәшаха зықьҩыла аԥсуааи адыгақәеи рыԥсадгьыл ааныжьны атәым дгьыл ахь ихымҵәар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
4 / 11
Амҳаџьырқәа ргәаладыршәарц абаҟахьы инеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра аӡәырҩы.
5 / 11
Урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
6 / 11
Ихырҵәаз ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа ргәаларшәаразы иааиз ауаа аԥсуа бираҟқәа шьҭынхны иркын.
7 / 11
Аҵәыџьмцақәа кны имҩасуан.
8 / 11
Ашьамаҟа аиркит аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Кадыр Тәанба. Иара шықәсқәак раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дхынҳәит.
9 / 11
Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын аҿартә еиҿаарақәа.
10 / 11
Амҳаџьырқәа аӷбақәа ирҭартәаны иахьдәықәырҵоз аҭыԥ аҟны "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит.
11 / 11
Зыԥсадгьыл ахь изыхнымҳәкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, амҳаџьырра хлымӡаах иаҿахәхаз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит.