Иԥшьоу Симон Кананит изқәаҭыԥ: ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ақьырсианра шалаирҵәоз

Sputnik

Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит апостолцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Кананити. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Кананит иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.

Ацқьа Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.

Абиблиаҿы иаҳԥыло аҳәамҭақәа изларҳәо ала, заԥхьаҟа иапостолхараны иҟаз Симон Галилеиатәи Канаҿы имҩаԥысуаз ичараан Иаса Қьырса раԥхьатәи анашана ҟаиҵеит - аӡы ҩны иааҟаиҵеит. Абри ахҭыс Симон наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иара Иаса Қьырса иџьашьахәра хаҵаны иҵаҩ иакәхеит. Иаса Қьырса ажәҩан ахь данхалаз ашьҭахь Аҩынҩажәижәабамш аҽны Симонтәи аҩнаҟны амца иабзқәаны аԥсҿыхҩы иҵаҩцәа ирзылбааз Иԥшьоу аԥсыцқьа иҟынтә Симон иоуит аҳамҭа. Егьырҭ апостолцәеи иареи Қьырса и-Евангелие абжьагажәахь еиццәырҵит.

Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит. Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы апостол агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа илеиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 15
Лаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Иԥшьоу апостол Симон Кананит имш. Ари амш аиашахаҵаратә қьырсианра жәытәаахыс излаҵәахьоу Аԥсназы аҵак ду амоуп, избанзар Симон Кананит уи адин ара иалаирҵәо далагахьан ҳара ҳера I ашәышықәсазы.
2 / 15
Ҳамҭак инақәыршәаны, Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит.
3 / 15
Симон Кананит аҳаԥаҿы инхарҭахь уназго амҩахәасҭа шьҭоуп даара иԥшӡоу аӡиас Ԥсырӡха аԥсҭаҿы.
4 / 15
Аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рзы ара адыргақәа ргылоуп.
5 / 15
Хаҳәла ичаԥоу амҩахәасҭаҟны, ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп апостол ишьапҭыԥ зынхалаз хаҳә дук.
6 / 15
Ақьырсианцәа рыгәрагарақәа рзы ианрышьҭашәарыцоз аамҭазы Иԥшьоу апостол Симон Кананит гәаҟрала иԥсҭазаара далҵит Ԥсырӡха аӡиас аԥшаҳәаҿы. Амармалташь иалху аџьар ҟаҵаны апостол ибаҟа аҳасабала Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберцәа 1884 шықәсазы ишьақәдыргылеит.
7 / 15
Симон Кананит агәаҟраԥсра ахьидикылаз аизарҭа ҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳәқәа рҿы иубарҭоуп акәарма ҟаԥшьқәа, ақьырсианцәа агәра ргоит урҭ апостол икеиҭәаз ашьа ауп ҳәа.
8 / 15
Симон Кананит аҳаԥаҿы дахьныҳәоз иуадахь уназго амардуан хаҳәла ичаԥоуп.
9 / 15
Симон Кананит иҳаԥахьы уназго амҩахәасҭа.
10 / 15
Симон Кананит иуадахь дызлаҩналоз иагьԥенџьырыз, иагьшәыз ахышә.
11 / 15
Апостол Симон Кананит иҳаԥы - аиашахаҵаратә қьырсианцәа ԥшьаныҟәарала иахьнеиуа ҭыԥуп.
12 / 15
Аиашахаҵаҩ апостол Симон Кананит аҳаԥаҿы иуадаҟны Анцәа димҵаныҳәоит.
13 / 15
Акельиаҿы еиқәхеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Кананити рныхачаԥақәа.
14 / 15
Симон Кананит иуадахь уназго ахаҳәтә мардуани ашәи Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҟарҵеит.
15 / 15
Аԥсны Симон Кананит игәалашәара пату ду ақәырҵоит ҳтәылаҿы инхо аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы. Афото аҿы - Афонҿыцтәи Симон-Кананиттәи Иԥшьоу Пантелеимон изку ахацәа рберҭыԥ аҿы икыду апостол Симон Кананит иныхачаԥа.