Иԥшьоу Симон Кананит изқәаҭыԥ: ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ақьырсианра шалаирҵәоз

Анапаҵаҩра
Лаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит имш, уи игәалашәара пату ақәырҵоит ҳтәылаҿы инхо аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы.

Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит апостолцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Кананити. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Кананит иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.

Ацқьа Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.

Абиблиаҿы иаҳԥыло аҳәамҭақәа изларҳәо ала, заԥхьаҟа иапостолхараны иҟаз Симон Галилеиатәи Канаҿы имҩаԥысуаз ичараан Иаса Қьырса раԥхьатәи анашана ҟаиҵеит - аӡы ҩны иааҟаиҵеит. Абри ахҭыс Симон наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иара Иаса Қьырса иџьашьахәра хаҵаны иҵаҩ иакәхеит. Иаса Қьырса ажәҩан ахь данхалаз ашьҭахь Аҩынҩажәижәабамш аҽны Симонтәи аҩнаҟны амца иабзқәаны аԥсҿыхҩы иҵаҩцәа ирзылбааз Иԥшьоу аԥсыцқьа иҟынтә Симон иоуит аҳамҭа. Егьырҭ апостолцәеи иареи Қьырса и-Евангелие абжьагажәахь еиццәырҵит.

Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит. Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы апостол агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа илеиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Иԥшьоу апостол Симон Кананит имш. Ари амш аиашахаҵаратә қьырсианра жәытәаахыс излаҵәахьоу Аԥсназы аҵак ду амоуп, избанзар Симон Кананит уи адин ара иалаирҵәо далагахьан ҳара ҳера I ашәышықәсазы.
Храм Святого апостола Симона Кананита в Новом Афоне   - Sputnik Аҧсны
1/15
Лаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Иԥшьоу апостол Симон Кананит имш. Ари амш аиашахаҵаратә қьырсианра жәытәаахыс излаҵәахьоу Аԥсназы аҵак ду амоуп, избанзар Симон Кананит уи адин ара иалаирҵәо далагахьан ҳара ҳера I ашәышықәсазы.
© Sputnik / Томас ТхайцукҲамҭак инақәыршәаны, Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит.
По одной из версий, святой апостол Симон примерно в 55 году н. э. поселился в пещере в окрестностях современного Нового Афона. - Sputnik Аҧсны
2/15
Ҳамҭак инақәыршәаны, Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит аҳаԥаҿы инхарҭахь уназго амҩахәасҭа шьҭоуп даара иԥшӡоу аӡиас Ԥсырӡха аԥсҭаҿы.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
3/15
Симон Кананит аҳаԥаҿы инхарҭахь уназго амҩахәасҭа шьҭоуп даара иԥшӡоу аӡиас Ԥсырӡха аԥсҭаҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рзы ара адыргақәа ргылоуп.
Для паломников и туристов на пути к гроту стоят указатели  - Sputnik Аҧсны
4/15
Аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рзы ара адыргақәа ргылоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукХаҳәла ичаԥоу амҩахәасҭаҟны, ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп апостол ишьапҭыԥ зынхалаз хаҳә дук.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
5/15
Хаҳәла ичаԥоу амҩахәасҭаҟны, ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп апостол ишьапҭыԥ зынхалаз хаҳә дук.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқьырсианцәа рыгәрагарақәа рзы ианрышьҭашәарыцоз аамҭазы Иԥшьоу апостол Симон Кананит гәаҟрала иԥсҭазаара далҵит Ԥсырӡха аӡиас аԥшаҳәаҿы. Амармалташь иалху аџьар ҟаҵаны апостол ибаҟа аҳасабала Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберцәа 1884 шықәсазы ишьақәдыргылеит.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
6/15
Ақьырсианцәа рыгәрагарақәа рзы ианрышьҭашәарыцоз аамҭазы Иԥшьоу апостол Симон Кананит гәаҟрала иԥсҭазаара далҵит Ԥсырӡха аӡиас аԥшаҳәаҿы. Амармалташь иалху аџьар ҟаҵаны апостол ибаҟа аҳасабала Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберцәа 1884 шықәсазы ишьақәдыргылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит агәаҟраԥсра ахьидикылаз аизарҭа ҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳәқәа рҿы иубарҭоуп акәарма ҟаԥшьқәа, ақьырсианцәа агәра ргоит урҭ апостол икеиҭәаз ашьа ауп ҳәа.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
7/15
Симон Кананит агәаҟраԥсра ахьидикылаз аизарҭа ҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳәқәа рҿы иубарҭоуп акәарма ҟаԥшьқәа, ақьырсианцәа агәра ргоит урҭ апостол икеиҭәаз ашьа ауп ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит аҳаԥаҿы дахьныҳәоз иуадахь уназго амардуан хаҳәла ичаԥоуп.
Лестница из каменных ступеней ведет к гроту-келье Симона Кананита   - Sputnik Аҧсны
8/15
Симон Кананит аҳаԥаҿы дахьныҳәоз иуадахь уназго амардуан хаҳәла ичаԥоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит иҳаԥахьы уназго амҩахәасҭа.
Дорога к гроту вымощенной камнем. - Sputnik Аҧсны
9/15
Симон Кананит иҳаԥахьы уназго амҩахәасҭа.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит иуадахь дызлаҩналоз иагьԥенџьырыз, иагьшәыз ахышә.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
10/15
Симон Кананит иуадахь дызлаҩналоз иагьԥенџьырыз, иагьшәыз ахышә.
© Sputnik / Томас ТхайцукАпостол Симон Кананит иҳаԥы - аиашахаҵаратә қьырсианцәа ԥшьаныҟәарала иахьнеиуа ҭыԥуп.
Грот-келья святого апостола Симона Кананита – место паломничества православных христиан. - Sputnik Аҧсны
11/15
Апостол Симон Кананит иҳаԥы - аиашахаҵаратә қьырсианцәа ԥшьаныҟәарала иахьнеиуа ҭыԥуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиашахаҵаҩ апостол Симон Кананит аҳаԥаҿы иуадаҟны Анцәа димҵаныҳәоит.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
12/15
Аиашахаҵаҩ апостол Симон Кананит аҳаԥаҿы иуадаҟны Анцәа димҵаныҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкельиаҿы еиқәхеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Кананити рныхачаԥақәа.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
13/15
Акельиаҿы еиқәхеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Кананити рныхачаԥақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Кананит иуадахь уназго ахаҳәтә мардуани ашәи Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҟарҵеит.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
14/15
Симон Кананит иуадахь уназго ахаҳәтә мардуани ашәи Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа 1884 шықәса рзы иҟарҵеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Томас ТхайцукАԥсны Симон Кананит игәалашәара пату ду ақәырҵоит ҳтәылаҿы инхо аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы. Афото аҿы - Афонҿыцтәи Симон-Кананиттәи Иԥшьоу Пантелеимон изку ахацәа рберҭыԥ аҿы икыду апостол Симон Кананит иныхачаԥа.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны
15/15
Аԥсны Симон Кананит игәалашәара пату ду ақәырҵоит ҳтәылаҿы инхо аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы. Афото аҿы - Афонҿыцтәи Симон-Кананиттәи Иԥшьоу Пантелеимон изку ахацәа рберҭыԥ аҿы икыду апостол Симон Кананит иныхачаԥа.
Ажәабжьқәа зегьы
0