Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭыжәба Аҟәа араион амандаринатә плантациа аҭагылазаашьа иазкны

Аҟәа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2016 шықәса рзы араион амчала еиҭаҳаз амандаринатә плантациа аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭыжәба Аҟәа араион амандаринатә плантациа аҭагылазаашьа иазкны

"2016 шықәса рзы еиҭаҳаз ашьапқәа рҟынтә зегьы еиқәымхеит. Усҟан 4 000 еиҭаҳан, иахьазы - 2 500 шьапы аанхеит. Ҩышықәса аҭахуп аплантациа аҟнытә ишахәҭоу аҽаҩра ҭаҳгаларатә еиԥш иҟаларцаз. Егьырҭ еиқәымхаз ашьапқәа аарҩара, мамзаргьы аҵаақәа ирхырҟьаны иԥсит. Аплантациа иахылаԥшуа дамоуп, ес-ааԥынра иахәҭоу ахәшәтәра аиуеит. Амандаринаҭра ахьыҟоу адгьыл аҳәынҭқарра иатәуп, иаанашьҭуа аҽаҩрагьы макьаназы аҳәынҭқарра иадлоит. Анаҩс, аҽаҩра ҭышәынтәалан иаанашьҭуа ианыҟалалак, хылаԥшра азҭаран иҟоу аӡәы инапахьы ииагатәхоит, қьырала иҭатәхоит. Иаанхаз ашьаҭақәа ибзиан иҟоуп", -  еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: