Арадио

Џьынџьалԥҳа Аԥсны имҩаԥысуа амедицианатә акциазы: алҵшәа бзиа амоуп

Акультуратә гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Ермантәылантәи Аԥсны иааны иҟоу аҳақьым имҩаԥиго агәаҭарақәа ртәы.
Sputnik
Џьынџьалԥҳа Аԥсны имҩаԥысуа амедицианатә акциазы: алҵшәа бзиа амоуп

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны амедицианатә акциа мҩаԥысуеижьҭеи иааидкыланы 300 инареиҳаны ахәыҷқәа гәаҭан, 20-ҩык ирзыҟаҵан аԥҟарақәа.

"Ԥшьышықәса ҵуеит ас еиԥш амедициантә акциа мҩаԥаагоижьҭеи "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни" ҳареи. Аԥсныҟа Ермантәылантәи даауеит аҳақьым, иара знаҟәашьа ииашам, иманшәалам ахәыҷқәа дрыхәаԥшуеит. Хымш ҩ-раионк рҿы адкылара мҩаԥигоит, анаҩс иаликаауеит аԥҟара зыхәҭоу ахәыҷқәа. Макьаназы иалкаауп хәҩык ахәыҷқәа. Ахәыҷҭәы хәышәтәырҭаҿы имҩаԥгахоит аԥҟарақәа, аҳақьым идгылоит аҭыԥантәи аспециалистцәагьы. Сгәы иаанагоит егьырҭ ашықәсқәа раан зегь маншәаланы ишцоз еиԥш, сынтәагьы иусура маншәалахап ҳәа. Аԥсны зымҩаԥгара алымшо аԥҟарақәа, Ермантәыла иҟаҵахоит. Ҩыџьа еиҳа зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа алкаахоит. Ҳара урҭ афонд "Ашанахь" иааҳаԥхьоит, дара рзы еизгахоит аԥара", - азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.