Иахьа Шьамтәыла атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит

Шьамтәыла ахада иалхрақәа хацыркхеит иахьа ашьыжь, асааҭ 7:00 рзы. Алхратә ҭыԥқәа аркхоит асааҭ 19:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Иахьа Шьамтәыла атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит, иаартуп 12 000 алхырҭатә ҭыԥ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ахадаразы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада, апартиа БААС амаӡаныҟәгаҩ хада Башар Асад, аҩнуҵҟатә оппозициа акандидат Махмуд Ахмед Мерии, асоциалисттә партиа уаанӡатәи адепутат Абдаллах Саллиум Абдаллах.

Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы Асади даҽа ҩыџьа акандидатцәеи ықәгылоуп

Алхырҭа ҭыԥқәа аартуп асааҭ 19:00 рҟынӡа, аха иаҭахханы иҟалар русура аҽа хә-сааҭк ацырҵар ауеит. Алхрақәа ирылахәуп адунеи зегь аҟынтәи анаԥшцәа, ажурналистцәа.

РИА Новости уаанӡа аинтервиу азҭаз алхратә комиссиа ахада Самер Змеирик ишиҳәаз ала, атеррористцәа рнапаҿы иҟоу апровинциа Идлиби акурдқәа хылаԥшра зырҭо апровинциа Раккеи руааԥсыра рыбжьы рҭиир рылшоит аамҭала иахьынхо аҭыԥқәа рҿы. Идлиб зхы иақәиҭтәу ахәҭақәа рҿы ҩ-алхырҭатә ҭыԥк еиҿкаахоит.

Ахада иалхраан Шьамтәылатәи Арабтә республика аҵакыра иаку алхырҭатә округны иԥхьаӡоуп.

Шьамтәыла ахадас дҟалар илшоит 40 шықәса зхыҵыз атәылауаҩ, Шьамтәыла атәылауаҩра шьҭрала измоу, убри аан даҽа тәылак атәылауаҩра имамзароуп. Уи адагьы акандидат иԥҳәыс/ихаҵа Шьамтәыла датәылауаҩызароуп, жәашықәса иреиҵамкәа еиԥымҟьарада Шьамтәыла дынхозароуп.