Арадио

Еныкь "Амшаԥаҽны" азы: ԥыҭҩык рхы аҭыԥаҟны инанагап ирзыннажьуа ацәаныррақәа рыла

Лаҵарамза 27-28 рзы Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр ахәаԥшцәа иднарбоит ақәыргыламҭа "Амшаԥаҽны". Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апиеса иаанарԥшуа атема залырхыз атәы.
Sputnik
Еныкь "Амшаԥаҽны" азы: ԥыҭҩык рхы аҭыԥаҟны инанагап ирзыннажьуа ацәаныррақәа рыла

Аспектакль "Амшаԥаҽны" ықәиргылеит арежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩс дыҟоуп Гарри Дочиа. Аспектакль асценари автор еицырдыруа атеатри, акинои, ателехәаҧшреи арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Михаил Мархолиа иоуп, ақәыргыламҭа арбара игәалашәара иазкуп.

"Апиеса ҿыгҳарала зынӡа имаҷуп, актк ауп иҟоу. Уи авторцәа Михаил Мархолиеи Лев Арнаути роуп. Аԥсны аибашьра ашьҭахь,1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи ала акино ҭиххьан Михаил Мархолиа. Иара игәалашәара иазаҳкуеит аспектакльгьы. Атема заҳгәаԥхаз, уи иаанарԥшуеит аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара. Зхәы иаҭәҳәаны акрызфо аԥсуа нхаҩы, иҷкәынцәа хҩык рҟынтәи аӡәы аибашьра дҭахеит, аԥҳа димоуп. Иара иҷкәынцәа дреигәырӷьоит. Иара издыруам, аха дара ииашам аусқәа – аӷьычра, арҳәара иаҿуп. Амшаԥаҽны аҭаацәа зегьы аҩны рхәы иадтәаланы акрышырфо аимак цәырҵоит…аҵыхәтәаны аб игәы дахыԥжәааны дыԥсоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа рацәоуп. Ажәлар рҿы зхы пату ақәҵаны иҟоу ауаа рыхшара ииашам амҩа иананыло…Сгәаанагарала абри (ақәыргыламҭа-аред.) збо ахәыԥшыҩцәа ԥыҭҩык рхы аҭыԥаҟны инеип ҳәа ирзыннажьуа ацәаныррақәа рыла", - иҳәеит Еныкь.

Инеиҵыхны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.