Арадио

Еныкьԥҳа Аҿар рбиблиотека иаҭаауа аԥхьаҩцәа рзы: арбагақәа цәгьам

2005 шықәса раахыс лаҵара 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит абиблиотекақәа рымш. Аҳәынҭқарратә ареспубликатә аҿар рзы абиблиотека аиҳабы Иулиа Еныкьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит.
Sputnik
Еныкьԥҳа Аҿар рбиблиотека иаҭаауа аԥхьаҩцәа рзы: арбагақәа цәгьам

"Ашкол ахәыҷқәа ааӡоит, аҵара днарҵоит. Арҵаҩцәа ахәыҷқәа рыхшыҩ аизырҳара аус адырулозар, абиблиотека аусзуҩцәа урҭ иҳалалны, иразны, згьама ҳараку аестетика рылаааӡара ауп рнапы злаку…Ҳара ҳбиблиотека иаҭаауа ахәыҷқәа иҳарҳәеит аинтернет ала ашәҟәыԥхьареи ақьаад иануи излеиԥшым атәы, зегь раԥхьа иргыланы ргәабзиара ишаԥырхагоу еилыркааит ателефон, апланшет, акомпиутер ала ашәҟә ду аԥхьара. Алитература еизганы иҳамоу аҟны ицәгьамкәа иаарԥшуп уажәтәи аклассика. Ари ашықәс азы ажьырныҳәеи жәабрани аус ҳуамызт апандемиа иахҟьаны, хымз рыҩныҵаҟа 560-ҩык аԥхьаҩцәа ҳамоуп. Иахьатәи аамҭазы атехнологиақәеи атрадициатә шәҟәыи шеиндаҭлогьы, аԥхьаҩцәа иҳамоу рхыԥхьаӡарала арбага цәгьам ҳәа сыԥхьаӡоит", - лҳәеит Еныкьԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аелектронтә шәҟәы абиблиотекаҟны ишрымоу, аха уи Урыстәыла еиԥш Аԥсны абиблиотека иаҭаауа рҿгьы ахархәара амаиуит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: