Хәышықәса раԥхьа: лаҵара 28 2016 шықәсазы Аԥсны иалагеит ConIFA ала адунеи ачемпионат

Sputnik

Аԥсны еизгоу акоманда аиааира агеит ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы 2016 шықәсазтәи адунеи ачемпионат аан, уи афинал аҟны Пенџьаб акоманда иаиааит 6:5 ҳәа. Убри аан аматч аамҭа хада хыркәшан 1:1 ҳәа, аиааира згаз далкаахеит 11-метратәи апенальтиқәа расраан.

55-тәи аминуҭ аан аԥсуа команда Пенџьаб акоманда ахьчаҩцәа зегьы ирылганы ампыл амбахь ишзахәоз ирышьҭит, аха аҭаршәра рылымшеит, убри ашьҭахьҵәҟьа пенџьабаа аҭак ҟарҵеит - ампыл рыманы аԥсуаа рымба иажәлан, Амар Перваль ҳамба иҭаиршәит. Абасала, атурнир аҿы уаанӡа мпылкгьы зцәымцацыз Аԥсны акоманда актәи ампыл рымба иҭашәеит.

Ахәмарра нҵәаанӡа х-минуҭк шагыз, ҳазегьы ҳаззыԥшыз ахҭыс ҟалеит - Руслан Шьониа Пенџьаб амба ампыл ҭаиршәит.

Иаанхаз аамҭа иалагӡаны акомандақәа уаҳа ампыл ҭадмыршәит, убри азы жәеизаметратәи апенальтиқәа рысрахь ииасит. Ашьапылампыласыҩцәа хәынтә-хәынтә иасит, урҭ рахьтә ԥшьба-ԥшьба ҭадыршәит, анаҩс даҽа акака ҭадыршәыртә алшара рырҭеит, убасҟан ауп аԥсуаа аԥыжәара анырга. Атурнир зегь аан еиԥш, аԥсуа команда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко оумашәа ибзиан дыхәмарит - ҩ-пенальтик ааникылеит.

1 / 17
Аԥсны еизгоу акоманда злахәыз афиналтә хәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа ҽаамҭанык еиԥшымкәа рҽазыҟарҵеит.
2 / 17
Шьоукы-шьоук рхы-рҿқәа, иара убас рхагәҭқәа аԥсуа бираҟ асахьа рықәҭырхит.
3 / 17
Ачемпионат афиналтә хәмарраҿы еиқәшәеит Аԥсни Пенџьаби ркомандақәа.
4 / 17
Зынӡа ConIFA ахраҿазы еиндаҭлон адунеи аҵкарқәа зегь рҟынтәи 12 тәыла ркомандақәа.
5 / 17
Ахәмарыҩцәа ыԥаны икәлаауа иаауа ампыл аԥхьа иаанызкыло ҳәа рҽаҿыршьаауеит.
6 / 17
Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ихәмарыҩцәа адҵақәа риҭоит.
7 / 17
Ахәмарра анҵәамҭазы аԥсуаа иҭадыршәыз ампыл ахәаԥшцәа даара иазыԥшын.
8 / 17
Абас 87-тәи аминуҭ азы Руслан Шьониа еицлабуаз рымчқәа еиҟареитәит - 1:1.
9 / 17
Аԥснытәи еизгоу акоманда абзиабаҩцәа адгылара ӷәӷәа аадырԥшуан.
10 / 17
Зегьы иреиҵбыз ахәаԥшцәагьы ремоциақәа рзынкыломызт.
11 / 17
Абас акоманда ахәмарыҩцәа уи ахҭыс рыдыркылеит.
12 / 17
Пенџьабаа рыцхәмарра акыр ишыуадаҩызгьы, игәышьҭыхган.
13 / 17
Уи ахәылԥаз атрибунақәа зегьы кәапеишәа иҭәын.
14 / 17
Ахәмарыҩцәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт.
15 / 17
ConIFA ачемпионат аҟны аиааира згаз рселфи ҭырхуеит.
16 / 17
Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа аҳамҭақәа рыҭара ацеремониаан.
17 / 17
Ачемпионат атрофеи хада аԥсуа шьапылампыласыҩцәа рнапаҿы.