УАР ахада: урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" адунеи аҟны аҭаххара шдуу ҳбоит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" иааидкыланы 3,2 миллиард ауааԥсыра ахьынхо 66 тәыла рҟны ашәҟәы иҭаргалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" адунеи аҟны аҭаххара ду амоуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи аинвистициақәа рфонд аиҳабы Кирилл Дмитриев. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳақьымцәа аилыркаа ҟарҵоит алаҵа ашьҭахь ашоурартәага ахәшә ажәра зыҟамло

Урыстәылатәи апрепарат иазҿлымҳауп иахьхәарҭоу, иахьшәарҭам азы, иҳәеит Дмитриев. Иазгәеиҭеит, "Спутник V" шхәарҭоу агәра шыргаз атәылақәа жәпакы, иаҳҳәап, Мексика, Аргентина, Венгриа.

"Урыстәылатәи алаҵа рҭахуп, азыҳәақәа рацәоуп. Ихәарҭоуп, ишәарҭам", - иҳәеит "России-1" аефир аҟны УАР ахада.

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Массала ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара Урыстәыла иалагеит ԥхынҷкәынмза алагамҭазы. Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит.

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. 6 500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Лаҵара 28 азтәи адыррақәа рыла алаҵа ҟарҵахьеит 976-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: