Аԥсҭазаара ҿыц иасимволу: аԥснытәи ааԥын асахьақәа

Sputnik

Аԥснытәи ааԥын уамакала иԥшӡоуп, аԥсабара ҿыхуеит, амра хааӡа иԥхоит. Иҟоуп ааԥынразы амшын иҭало, ари аамҭазы атәыла иаҭаауеит асасцәа рацәаҩны. Ааԥын аԥсҭазаара ҿыц иасимволуп, агәыӷра ҿыцқәеи абзиабареи иадырҳәалоит. Асахьаҭыхыҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи акыр иазышәаҳәахьеит ари ашықәс аамҭа.

Ааԥын аҵыхәтәантәи амш азы Sputnik ишәыднагалоит афотолента. Шәрыхәаԥш аԥснытәи ааԥын асахьақәа.

 

1 / 9
Аҳҭнықалақь асасцәа амшын аԥшаҳәаҿы.
2 / 9
Ашәшьыра рҽаҭаны ауаа рыԥсы ршьоит: ашәҟәы иаԥхьоит, рфотоқәа ҭырхуеит, даҽа шьоукы ҭынч иԥоит.
3 / 9
Аглициниа ашәҭ ашәҭра уамакала иԥшӡоуп, афҩы хаауп.
4 / 9
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ааигәа идыргылаз аӡыршә иадгыланы хәыҷи-дуи рфотоқәа ҭырхуеит.
5 / 9
Ааԥынразы ҳтәыла иаҭаауеит атуристцәа рацәаҩны
6 / 9
Ааԥынразы аԥхынра еиԥш ишоуроп
7 / 9
Амшын иҭалогьы рацәаҩуп
8 / 9
Аԥснытәи ааԥын уамакала иԥшӡоуп, аԥсабара ҿыхуеит, амра хааӡа иԥхоит.
9 / 9
Ааԥын аԥсҭазаара ҿыц иасимволуп, агәыӷра ҿыцқәеи абзиабареи иадырҳәалоит.