Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа Гал алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа иазкны

Гал араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит акороновирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара шеиҿкаау атәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа Гал алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа иазкны

"Гал араион аҟны алаҵаҟаҵара зҭаху маҷӡам. Раԥхьа иззыҟаҳҵо амедицинатә усзуҩцәа, арҵаҩцәа, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа роуп, анаҩс амза быжьба инаркны ажәлар иқәынхо, изҭаху алаҵа ҟарҵартә алшара роуеит…Аҳақьым-атерапевт угәеиҭоит, ашьа ауҭоит, алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла ыҟамзар, убасҟан агәыр ҟарҵоит. Ауаа иааины ашәҟәы рҽанырҵоит, 50 шықәса ирҭысхьоу иаҳа ирацәаҩуп. Асиақәа заа иҟаҳҵоит, ауаа анааша раҳәаны, амашьына Аҟәаҟа иаашьҭны алаҵа ҳазнаргоит", - иҳәеит Гамгьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: