Хәыҷроуп иҟоу: Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа Аԥсны

Sputnik

Аныҳәамш алагеит агәыҳалалратә уснагӡатә "Дарбанзаалак ахәыҷы иԥсҭазаараҿ иреиӷьу аҵҟьара". 

Аныҳәамш аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан агәмырҿыӷьратә программа – акаҭран аҿы асахьақәа рҭыхраз аицлабра, анимациатә программа.

Еиуеиԥшым атемақәа рыла ауснагӡатәқәа ахәыҷқәа рзы имҩаԥган амш зегьы иалагӡаны. Ақьафурҭатә ҳа "Абургер" иазнархеит аныҳәатә программа. Есшықәсатәи акциа "Иқьиоу акартофель" иахҭныҵуа аԥара, згәабзиара ашьақәыргыларазы ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа ирзырхоуп.

Аныҳәа хыркәшан Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аҿарацәа рфестиваль "Абжьы зхоу" ала.

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит аԥхын раԥхьатәи амш азы 1950 шықәса раахыс. Иара амҩаԥгараз аӡбара рыдкылан 1949 шықәсазы Аҳәса Жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. ООН ари аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит, ахәыҷқәа рзинқәа, рыԥсҭазаара, ргәабзиара иара аусуразы еиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭаны ирыланаҳәеит.

 

 

1 / 11
Рашәарамза акы – Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш ауп.
2 / 11
Аныҳәамш аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан агәмырҿыӷьратә программа
3 / 11
акаҭран аҿы асахьақәа рҭыхраз аицлабра, анимациатә программа рзеиҿкаан ахәыҷқәа
4 / 11
Ахәыҷӡақәа рыхәмаргақәа рыманы рхала ихәмаруан
5 / 11
Доусы рхы иҭашәоз асахьақәа ҭырхуан, иргәаԥхоз аԥшәқәа рхархәарала
6 / 11
Аныҳәатә гәалаҟазаара рыман зегьы
7 / 11
Еиуеиԥшым атемақәа рыла ауснагӡатәқәа ахәыҷқәа рзы имҩаԥган амш зегьы иалагӡаны.
8 / 11
Ақьафурҭатә ҳа "Абургер" иазнархеит аныҳәатә программа. Есшықәсатәи акциа "Иқьиоу акартофель" иахҭныҵуа аԥара, згәабзиара ашьақәыргыларазы ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа ирзырхоуп.
9 / 11
Иара убас ахәыҷқәа рзы аԥара аизгаразы напыла иҟаҵоу амаҭәарқәа аахәаразы аџьармыкьа еиҿкаан.
10 / 11
Аҟазараҿгьы рхы ԥыршәон
11 / 11
Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа Аԥсны ҳаракыла имҩаԥган