Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рылҵшәа атәы

Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараиурҭаҿы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа шхыркәшахаз атәы, иҳәеит абитуриентцәа рыдкылара ианазыхиахо.
Sputnik
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рылҵшәа атәы

"Аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа хыркәшан сынтәа лаҵарамза 10 рзы. Адипломқәа рыҭан 82-а астудентцәа. Анаҩс иаҳзааит латәарада аҵара зҵо астудентцәа, уажәы урҭ рзы аҵаратә процесс мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа раан хылаԥшра ҟарҵон иҿыдоу акомиссиа. Иаҳҳәап, аҳазалахратә хырхарҭала аҵара зҵоз рҿы акомиссиа далахәын Мсоусҭ Шамба. Аекономистцәа рҟны - атәыла аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Гәлиа, абасала, аҳәынҭқарраҟынтә занааҭцыԥхьаӡа ахаҭарнак дыҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: