Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамба Абӷархықәтәи абаахьы уназго амҩа зеиԥшроу иазкны

Абӷархықә ақыҭа ахада Роник Шамба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит асасцәа зҭаауа ақыҭаҟны игылоу абаа ашҟа амҩа зеиԥшроу атәы.
Sputnik

"…Абӷархықәи Аҷандареи ҳамҩа иаҿыганы абахә амҵа аҟынӡа 7 километрак рҟынӡа бжьоуп. Акомиссиа игәарҭеит рашәарамзазы агәыӷра ҳамоуп аусурақәа ирылагоит ҳәа, мызкы-ҩымз ҳадымхалар ҟалап рҳәеит. Уахь аԥсшьаҩцәа неиуеит, еиҿкааны ирымоуп, уа иахылаԥшуеит Зыхәаа рыҷкәынцәа. Иҟоуп аԥсшьаҩцәа амҩа зеиԥшроу баны ианыгежьуагьы",- иҳәеит Шамба.

Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны аудиофаил аҟны.