Икәеицеиуа ацыԥхьқәа: Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа здызԥхьалаз аӡыршә ҿыц

Sputnik

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа гәахәарыла изҭаауа даҽа ҭыԥк рзацлеит - уи Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ишьақәдыргылаз аӡыршә ҿыц ауп.

Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит

Уи аргылара иалагеит хәажәкырамзазы, аусурақәа мҩаԥнагон Аҟәа АУН "Аиқәыршәазаара".

С.В. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы иреиӷьу апроекти иааидкыланы азеиԥш еиҿкаареи рзы аконкурс рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы. Аусура рыдкылара аҿҳәара акырынтә иацырҵахьан, избанзар арзаҳалқәа аналарымҵозгьы ыҟан.

Азыҳәақәа рыдкылара анхыркәшаха ашьҭахь, иаарту аконкурс амҩаԥгара знапы ианыз аусутә гәыԥ анапы ианҵан ажьырныҳәа 25 2021 шықәсазы апроекттә усумҭақәа рыдкылара хдыркәшарц, ирыдыркылахьаз аусумҭақәа рыҭҵаара иалагарц.

Уажәы игылоу аӡыршә аамҭалатәихар ҟалоит, аконкурс аҟны аиааира зго апроект аҿы уи арбамзар, ианымаалозар.

1 / 12
Аҟәа аԥшаҳәаҿы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы уажәааигәа ицәырҵит аӡыршә ҿыц.
2 / 12
Ара аиҩызцәа аӡәырҩы иреиқәшәарҭахеит, рфотосахьақәа ахьҭырхуа ҭыԥхеит.
3 / 12
Уи адагьы, ара ашоура зхызгар зҭахугьы еизоит.
4 / 12
Ари аӡыршәа аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
5 / 12
Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы, уи аԥсшьаҩцәагьы иргәаԥхеит.
6 / 12
Иара убас ӡык инахәарц ара ацыгәқәеи алақәеи анааилогьы ыҟоуп.
7 / 12
Аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахьтә шьоукы-шьоукы италиатәи аӡыршә Треви иеиԥшныршьалоит.
8 / 12
Даҽа џьоукых уи ҳақалақь архитектура ианаалом, ҳалаҿы иааиуам рҳәоит.
9 / 12
Ус акә, егьыс акә - ари аӡыршә ауаа рацәаҩны иаднаԥхьалеит.
10 / 12
Еиҳарак ахәыҷқәа даара иргәаԥхоит.
11 / 12
Аласбақәагьы уамашәа ибаны иахәаԥшлоит.
12 / 12
Аӡыршә иааигәаӡаны иахәаԥшыр зҭахугьы ҟалалоит, амала хӡааҟәрыла ҟарымҵарц рыҽгәарҭалароуп.