Путин: Урыстәыла азыхиоуп Украинеи иареи рекономикатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара

Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум 2021 шықәсазы имҩаԥысуеит рашәара 2 инаркны 5-нӡа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп Украинеи иареи рекономикатә еизыҟазаашьа бзиаӡақәа реиҭашьақәыргылара, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум аҿы иқәгылараан.

"Аекономикатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылатәуп, уи ҳара иаҳҭахуп, уи ҳазыхиоуп. Ҳгәыӷуеит, ари аус аӡбаразы ахдырра ҳаракы аадырԥшып ҳәа", - иҳәеит Путин.

Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум 2021 шықәсазы имҩаԥысуеит рашәара 2 инаркны 5-нӡа. Аԥснынтәи афорум далахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.