Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан инапы аҵаиҩит

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра атәыла-лахәылацәа азин рынаҭон дара-дара рҵакырақәа ирхаԥрааны рырратә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан инапы аҵаиҩит, абри адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы. 

Урыстәыла иаарту ажәҩан азы аиқәшаҳаҭра иалҵит

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра атәыла-лахәылацәа азин рынаҭон дара-дара рҵакырақәа ирхаԥрааны рырратә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара, урҭ ахаԥраарақәагьы иҷыдоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаны имҩаԥыргалар акәын, изламҩаԥыргоз аппаратқәагьы иҷыдоу аԥҟарақәа ирықәшәозар акәын. Ари аиқәшаҳаҭрала "аибашьра хьшәашәа" ашьҭахь Европа агәреибагара арӷәӷәара алыршахоит ҳәа иԥхьаӡан. Уи нап аҵаҩын 1992 шықәсазы, амчра аиуит 2002 шықәса ажьырныҳәа 1 азы. Иара иалахәылахеит 34 тәыла. Аха Еиду Америкатә аштатқәа уи иалҵит абҵара 22 2020 шықәсазы. 

2021 шықәса ажьырныҳәамзазы Аиқәшаҳаҭра ишалҵуазы аҳәамҭа ҟанаҵеит Москва. Убри аан иазгәаҭан Вашингтон ахымҩаԥгашьа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рбаланс шьақәнаҟьоит ҳәа. 

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан апроект Аҳәынҭдумахь инаишьҭит лаҵара 11 рзы.