Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа аҩхааҿы иҟоу ашәарҭара зцу аҭыԥқәа ирзутәу

Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иҟоу ашәарҭара зцу аҭыԥқәа ирзутәу, ирацәоума дара, насгьы ахылаԥшра абанӡамоу, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҿы апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Sputnik
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа аҩхааҿы иҟоу ашәарҭара зцу аҭыԥқәа ирзутәу

"Ашәарҭара зцым ҭыԥ ыҟаӡам Риҵатәи аҩхааҿы. Ауаҩы дахькаҳаз ацҳаҿы аангыларҭа ыҟаӡам, уа ауаа еизаӡом, ииасны ицеит ауп. Ари ацҳа акыр шықәса ҵуеит зынӡа аус амуеижьҭеи. Амашьынагьы ықәлом, ауаагьы. Аганаҿ иҟоуп иҿыцу, ихадоу ацҳа узырбо адыргагьы. Ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ҳаинспекторцәа ҷаԥшьоит, иҭакныгьы иҟоуп. Ус еиԥш "Прощай, Родина" ҳәа иахьашҭоу аҭыԥ аҿы асеткақәа амоуп, урҭ ҿжәаны ихәыҵысны афотоқәа ҟаҳҵоит ҳәа иалагоит", - еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны аӡиас иагаз атуристка лыуацәа Аԥсныҟа иааит