Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџьԥҳа Драндатәи ашкол аҭагылазаашьа иазкны

Гәылрыԥшь араион Драндатәи ашкол аиҳабы Мзиа Ҵәыџьԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит абжьаратә ҵараиурҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџьԥҳа Драндатәи ашкол аҭагылазаашьа иазкны

Драндатәи аԥсуа-аурыс школ аҿы аҵара рҵоит - 412 аҵаҩцәа, аус руеит - 85 арҵаҩцәа.

"Ашкол аҿы иҳамаз апроблемақәа рацәан, ахыбра аҭагылазаашьа, аӡы, алашара уҳәа. Ашкол актәи аихагыла зынӡа аус ауӡомызт. Иахьа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыбзоурала уи аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аԥхын иалагӡаны аусурақәа хыркәшахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Иара убри адагьы, ашкол азбжа иаҭаху ахыб ааганы ишьҭарҵахьеит, аҵара апроцесс анхыркәшалак уи аԥсахра иалагарцаз. Араион ахадара ашкол ахь аӡы ааиуа аусурақәа мҩаԥыргоит. Уажәы аӡы ыҵыҵуа иржит, аӡы арыцқьара апроцесс цоит. Аусуразы хәыҷык агәаҳәара ҳауртә ҳаҟоуп", – еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: