Урыстәыла SWIFT иаҿыргом

SWIFT – жәларбжьаратәи банкбжьаратә системоуп аԥарашәареи аинформациа анашьҭреи рзы. Иара иаднакылоит 200 тәыла рҟны 11 нызқь еиҿкаара ду.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. SWIFT – жәларбжьаратәи абанкбжьаратә система Урыстәыла аҿыргом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит SWIFT Урыстәылатәи амилаҭтә ассоциациа (Россвифт) анагӡаратә директор Роман Чернов, аҩуеит РИА Новости.

"SWIFT аӡәгьы ҳаҿихуам. Уи аӡәгьы изы ифеидаӡам", - иҳәеит иара Аҳәынҭдумаҿ дықәгылан.

АИХқәа рҿы лассы-лассы ицәырҵлоит аҳәамҭақәа Мраҭашәара асанкциак аҳасаб ала SWIFT Урыстәыла мап ацәнакыр ҟалоит ҳәа.

Уи усеиԥш имарианы иҟам.

Адәныҟатә политикеи ашәарҭадареи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Жозеп Боррель иажәақәа рыла SWIFT – ари жәларбжьаратә хатәы еиҿкаароуп, Евроеидгыла акомпетенциа иаҵанакӡом.