Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аџьба Пицунда ақалақь иазкны

Пицунда ақалақьтә еизара ахантәаҩы Мураҭ Аџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь иахьазы иаԥсҭазаашьоу, насгьы ауааԥсыра ргәы иҵхо зҵаараны иҟоу.
Sputnik

Рашәарамза 10 - Пицунда ақалакь иамшны иԥхьаӡоуп.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аџьба Пицунда ақалақь иазкны

"Иахьатәи амш азы Пицунда кыр еицырдыруа курортны иҟоуп, аха убри аан уамак ҳаԥсҭазаашьа сгәаԥхом. Избанзар, иҳамаз асанаториқәа, ҳақалақь аинфраструктура зегьы асовет мчраан идыргылаз ауп. Амҩақәа, ҳаҩнқәа усҟан ауп ианыҟаҵаз, иахьазы урҭ рҭагылазаашьа цәгьахеит. Сгәанала, ҳақалақь еиҳа нап адкылатәуп алҵшәақәа еиҳахарцаз. Зегь раԥхьа уадаҩрас иҳамоу, аресурсқәа иҳамоу ҳазхом. Ҳамҩақәа уамак ибзиам, ҳалашара ус, апроблемақәа рацәоуп, аха убри аан анхаҩцәа ирылшо ҟарҵоит ақалақь арԥшӡаразы. Ус, сынтәа аҿар акурортә сезон аламҭалаз аҳәырԥсарра дрыцқьон, ақалақь аҿы арыцқьарақәа еиҿыркааит, сгәыӷуеит, ҳаԥхьаҟагьы ас еиԥш ахҭысқәа ҟалалоит ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Аџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: