Атәылауаҩи аиҳабыреи: Вартагаа Аԥсны ахәаҷа-маҷақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкны
© Sputnik
"Иахьазы аҳауатә аҭагылазаашьа иахҟьаны ахәаҷа-маҷақәа рцәырҵра маҷуп. Америкатәи аԥарԥалыкь акәзар, ҵыԥх уажәааны ирацәаны иазгәаҭан, сынтәа макьаназы ҭыԥк аҿоуп иахьаабаз, Гәдоуҭа. Иара 240 инареиҳаны ҵла аԥхасҭа рынаҭоит. Аԥхарра ҟалар, ицәырҵыр ҟалоит, аха иара ҟазшьас иаманы иазгәаҳҭаз убри ауп, шықәсык иҟоуп егьы ашықәсан имаҷуп. Сынтәа аҿиара маҷны иҟалоит ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Вартагаа.
Вартагаа еиҭеиҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь Аԥсны ацәырҵра шыҟалаз.
Ҳтәылаҿы апты азы аҭагылазаашьа иазгәаҭауа, Вартагаа иҳәеит, аҟәшәара иабзоураны ахыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи адагьы иара зфо аԥсаатәқәа ҟалеит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Вартагаа акарантинтә хылаԥшра иазкны: иҳаҩҳажьуам аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа