"Шәышықәса аԥсуа ибжьы ахьго": Али Кәаӡба иҭоурыхтә ҩны иазкны

Ҭырқәтәыла Есма-ҳаным ақыҭаҿы шәышықәса ҵуеит ауаҩ нага Али Кәаӡба иӷьазӷьазуа иҩны гылоуижьҭеи. Иахьа араҟа инхо имаҭацәа ахыбра ҿыц дыргылартә алшара шрымоугьы, рабду ихәышҭаарамца ахьеиқәыз аҭыӡқәа еиқәырханы, уимоу еихаҳаны иааргоит.
Sputnik

Дара рынхамҩаҿы аԥсуа крыфарҭагьы еиҿкааны ирымоуп. Ари ахықәкы шииз атәы еиҭалҳәеит Али имаҭа Аишье Кәаӡԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Али Кәаӡба иаб Шьаақыр иоуп амҳаџьырра аамҭақәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз. Уи иаб Џьыбыҭыр Аԥсны джуп.

Аныҳәатә чысны ирԥхьаӡо: ҳџьынџьуаа ируа аԥсуа бысҭеи, аҟәыдыршьшьи

Шьаақыр араҟа ауадаҩрақәа ихыганы ибзазара еиҿкааны аҭаацәара даналала, ҩыџьа аԥацәа ихылҵит. Ҳақы захьӡыз Османтәи аимпериа имҩаԥнагоз аибашьрақәа руак аан Чанаккале дҭахоит. Али 35 шықәса аррамаҵура ихигоит. Иара фҩык ихәыҷқәеи аибашьраҿы иҭахаз иашьа иԥеи иааӡоит, ршьапы иқәиргылоит.

"Ҳабду Али ихшареи иашьа иԥеи аԥсуа ҵасқәеи алеишәеи рыла иахьигӡоит. Ҳарҭ имаҭацәа ҳакәзаргьы, ииҿаҳҵааз рацәоуп. Иара даара злеишәа џьбараз уаҩын. Ианакщзаалак аруаа ус ауп рҟазшьа шыҟоу. Ақыҭаҿгьы ҳабду дыззымдыруадаз, ибжьы ҿацаӡа ианраҳауаз "Али даауеит" рҳәон", - еиҭалҳәоит амаҭа Аишье Кәаӡԥҳа.

"Шәышықәса аԥсуа ибжьы ахьго": Али Кәаӡба иҭоурыхтә ҩны иазкны

Али 105 шықәса ниҵеит. Иԥсы ахьынӡаҭаз ақыҭанхамҩа инапы алакын. Аџьықәреи, аҟәыд, араса ааирыхуан, арахә-ашәахә нҵаны иман. Махәҿыла дмаашьакәа акриуан, уи ус шакәугьы агәра угоит лабҿаба. Усҟантәи аамҭазы Али ҩ-еихагылак змаз, ахьа иалхыз быжь-уадак зымҽхакыз аҩны иргылеит. Иахьагьы ари анхамҩа уеилаҳаратәы иҟоуп.

Али Кәаӡба ихылҵшьҭра рылшарақәа ыҟоуп, аха иара ишьҭаиҵаз ауасхыр рӷәӷәаны иҵегь ашәышықәсқәа иргәылганы иргар рҭахуп азы аҭоурыхтә ргылара еиҭашьақәдыргылеит. Шықәсқәак раԥхьа араҟа аԥсуа крыфарҭагьы еиҿыркааит.

"Шәышықәса аԥсуа ибжьы ахьго": Али Кәаӡба иҭоурыхтә ҩны иазкны

"Сара ачымазара иахырҟьаны аусура саҟәыҵит. Есма-ҳаным шәаԥыџьаԥала иҩычоуп, араатәи аҳауа цқьоуп азы сгәабзиара аиҭашьақәыргыларазы сқыҭахь схынҳәит. Аха аусура иашьцылаз сзы иуадаҩхеит есыҽны аҩны атәара. Убри аҟнытә снапы зласкри ҳәа ахәыцра саналага, исыӡбеит сашҭаҿы акрыфарҭа аартра", - лажәа иацылҵоит Аишье Кәаӡԥҳа.

"Шәышықәса аԥсуа ибжьы ахьго": Али Кәаӡба иҭоурыхтә ҩны иазкны

Сынтәа хышықәса ҵуеит Али Кәаӡба инхамҩаҟны аԥсуа крыфарҭа аартуижьҭеи. Аишье аҭааҩцәа аԥсуа чыс ауп ирыдылгало. Лара заанаҵы ҭелла лыҽлымардоит. Шаҟаҩы ааиуа рхыԥхьаӡара рҳәоит, анаҩс аԥшәма лан Гьиунгьиор Аҟәысԥҳа длыцырхрааны аишәа чыс аҟаҵара рҽазыршәоит.

"Ҳакрыфарҭахь иааиуа заанаҵы иаҳдыруеит. Урҭ рхыԥхьаӡара рацәазар, ачыс аҟаҵарахь саҳәшьеи, сашьцәеи, сҭацацәеи адсыԥхьалоит, егьыс сан лоуп исыцхраауа. Аҭааҩцәа ирыдаагалоит абысҭа ашә агәылаҵаны, аҟәыдыршьшьы, акәтысыӡбал, абҳәасасыӡбал, ахырҵәысыӡбал, аҳаршьыл, ахәылчаԥа, ачаџь, амгьал, ачаҳаржә (аҳалыжә), ажьҵаа, ахаамыхаақәа. Арҭ афатәхкқәа ҳаныхәыҷызнатә ҳан илҿаҳҵааз роуп. Ҳаргьы бзиа иаҳбоит азы ҳаԥсы алаҵаны иҟаҳҵоит", - азгәалҭоит аԥшәма.

Аишье лнапкымҭа саргьы агьама збеит. Зегь раасҭа сгәы иҭымҵуа амажәа иалхыз, афрынаҿы иӡыз акакан зыӷраз ачысхаа ауп. Уи хыхь ацха анақәылҭәа, зынӡа иуҿаӡҭуа ицон. Аишье илҳәеит ари афатә рандуцәа "аԥсуа хаа" ҳәа ишашьҭаз.

Ари акрыфарҭа аԥхарақәа ахьынӡаҟоу ауп аус анауа. Шәҭыла иҭалаҳау Кәаӡаа рашҭа аԥхын дуӡӡа уаала иҭәуп. Арахь аԥсуа чыс агьама рбарц иааиуеит амилаҭ рацәа. Рқыҭауаа ракәзаргьы, аҩнусқәа рышьҭахь дара рахь имҩахыҵуеит. Аишье лнапала ашҭаҿы еиҿылкааз апарктә зонаҿы аџьџьаҳәа еилатәаны ажәабжьқәа еибырҳәоит.

Аҭаацәара ран Гьиунгьиор Аҟәысԥҳа анцәа ишиҳәара дыҟоуп. Лԥацәа Реџьеби Еиуԥи лыԥҳацәа Фатмеи Аишьеи ауаа хазынақәа роуп. Лмаҭацәа ракәзаргьы, рааӡара ҳаракуп.

Саӡба: Анцәа амч сиҭар, Сҭампыл аԥсуа ԥацха аасыртуеит

Али Кәаӡба мышьҭабзиала зышьаҭа аиркыз аҩны уажәшьҭа игәакьацәа рыдагьы хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аднаԥхьалоит. Афатә хаақәа рыдагьы араҟа иаԥҵоу аҭагылазаашьа ҟәанда ргәы ҟанаҵоит.

Аԥшәмацәеи сареи ҳаиԥылара ахыркәшамҭаз ақыҭа Есма-ҳаным ахьыӡ абантәиаауеи ҳәа санразҵаа, ирҳәеит атәарҭа ашьаҭа азыркыз Маршьанԥҳа лыхьӡ ахуп ҳәа. Араҟа инхо аԥсуа жәлақәа иреиуоуп Кәаӡаа, Қапаа, Маршьанаа, Қәҭараа, Ашәаа, Аргәынаа, Тәанаа, Шамаа, Аӡынаа, Ахаа, Кәыркәнаа, Мысриаа уҳәа.

Кәаӡаа рысасцәа реиԥш, саргьы ҽазны саандаз ҳәа ашҭа нсыжьит. Усҟан аҭаацәара ран Гьиунгьиор Аҟәысԥҳа Аԥснынтәи ҳамҭас амҳабысҭеи аҟәыдыршьшьыгеи шылзаазго ласҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: