Арадио

Аҳәԥҳа Гал араион ашкол аушьҭымҭацәа рзы: анаҩс аҵара ацҵара зымч ақәымхо маҷым

Гал араион аҵараҟәша аметодист хада Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы шаҟаҩы абжьаратә ҵара хдыркәшо, урҭ раԥхьаҟа занааҭс иалырхуа ртәы.
Sputnik
Аҳәԥҳа Гал араион ашкол аушьҭымҭацәа рзы: анаҩс аҵара ацҵара зымч ақәымхо маҷым

"Жәбран 14, ашкол ахь ҳанца инаркны аҵаратә процесс иааԥмырҟьаӡакәа ицоит. Ҳара ашколқәа зегьы ҳрылалан игәаҳҭон, апрограмма иахьӡоу ихьымӡоу аилкааразы. Иахьымӡаз ашкол ҳәа ҳамаӡам. Зегьы анаҩстәи аклассқәа рахь иахыгахоит. Гал араион 19 школ рҟынтә 233-ҩык аҵаҩцәа рҵара хдыркәшоит, урҭ рахьынтә 30-ҩык еиҳаны ААУ иҭаларц агәаҳәара аадырԥшит, уи азы азыҳәақәа аанрыжьит аусбарҭаҿы. 15-ҩык рҟынӡа аушьҭымҭацәа галтәи аколлеџь алырхит, аха иҟоуп уахь еиҭа иҭаларц зҭаху, аха зымч ақәымхо. Қырҭҭәылаҟа уаанӡа ицозҭӷьы, шьҭа ус еиԥш ирҭахны иҟаӡам, избанзар, ирдыруеит, уа аҵара иалган арахь аусурҭа ҭыԥ шырзымԥшаауа. Аушьҭымҭацәа еиҳарак арҵаҩы изанааҭ алырхуеит, иҟоуп аҭоурых зҽазызкуагьы. Ашколқәа рҿы аус руеит ААУ аушьҭымҭацәа, урҭ ирҿыԥшуа рацәоуп", - еиҭалҳәеит Аҳәԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.