Аҩӡба Аԥснынтә абырзенцәа рыхцаразы: 1930 ашықәсқәа рзы иҟаз арепрессиақәа ирыцыз акоуп
© Sputnik
"Ари ҳәынҭқарратә политика акәын. Арҭ ахҭысқәа 1930 ашықәсқәа рзы иҟаз арепрессиақәа ирыцыз акоуп. Аҳәынҭқарра амаҵ зуаз ауаа иргәамԥхоз, дара р-идеологиа ахырхарҭа иақәымшәоз, ианымаалоз ауаҩы ддырӡуан. Арҭ ахҭысқәагьы- политикан. Уи Аԥсны мацара акәӡам иахьымҩаԥысуаз, усҟан Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым инхоз абырзенқәа еицықәырцон. Усҟан аберзенқәа рымацара ракәым, Ҟрым аерманцәагьы ықәыргеит. Дара еидыргаланы изахәаԥшуаз, рыззегьы Аԥсны излақәнагала Ҭырқәтәылантә ауп, ма Азиа маҷ ҳәа иахьашьҭоу аҟынтә. Асоветтә ҳәынҭқарра урҭ рыгәра агаӡомызт", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.