Арадио

Гәынба арахәааӡарҭа ферма азы: ажәла бзиа ҳашьҭалароуп

Мархьаул ақыҭан еиҿкаау арахәааӡарҭа ферма аиҳабы Зураб Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит инапы злаку аус аиҿкаара шалыршахази, уи анагӡараҿы ирымоу ауадаҩрақәеи ртәы.
Sputnik
Гәынба арахәааӡарҭа ферма азы: ажәла бзиа ҳашьҭалароуп

"2008 шықәса рзы ҳалагеит уи аус. Уа усҟан иҟан аџьмақәа, арахә, акамбашьқәа, ашьха. Еснагь ҳара проблемас иҳамоу ахьчацәа ҳауӡом, имаҷуп, аԥсуаа аус руӡом. Агырцәа аагеит, аузбекцәа аагеит, иахьа уажәраанӡа ҳааиуеит. Хыла иааидукылар, зегьы ԥшьышәҟа хы ыҟоуп. Уадаҩрас иҟоу убри ауп, арахь акрырҿаҵара цәгьахеит. Акомбикорм ахә цәгьоуп, ахәшәқәа даара рыхә цәгьоуп. Иҟоу ауадаҩрақәа рахь иаҵанакуеит агыгшәыггьы. Даара ирацәоуп. Араҟа анхарҭатә ҭыԥқәа маҷуп, абнарақәа рацәахеит. Ашәарыцыҩцәагьы неиуеит, ааигәа гәыԥк 5-7 ақәыџьма ршьит, аха уи иамаҭәам, адырҩаҽны еиҭа ицәырҵит. Ҳаргьы иаҳшьлоит, аха иуадаҩуп урҭ уԥырхагымхартә аҟаҵара. Араҟа ицоит аԥышәаратә хысрақәагьы, аԥсуа аурыс хәҭақәа ҽнак абжьара ҽнак ианымхысуа ыҟаӡам, аха зегь акоуп, шьҭа иашьцылеит", -  азгәеиҭеит Гәынба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.