Роспотребнадзор аҿы алаҵа "Спутник V" аҩбатәи адоза анаҭахым атәы рҳәеит

Аԥсны акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник V" ҟарҵахьеит хнызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник V" аҩбатәи адоза аҭахым ауаҩы алаҵаҟаҵара ашьҭахь акоронавирус шьҭикаазар. Абри атәы аанацҳауеит  РИА Новости Роспотребнадзор адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Абри аан аҩбатәи адоза аҭахым", - рҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара аламҭалаз анализқәа аҭахым, ихадароу уи амш азы ухы бзианы иубозар ауп. Аҳақьым ашьақәыӷәӷәара ишәоит, ашоура ишәоит, аԥынҵа ахәда рҭагылазаашьа гәеиҭоит ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

"ПЦР-тест ма ацәеижьҿагыларатә тест аҭара дасу ишиҭаху ауп", - азгәарҭоит Роспотребнадзор аҿы.

Аусбарҭаҿы ирҳәеит алаҵаҟаҵара иахьатәи аамҭазы иаку ҿагылароуп акоронавирус азы. Убри аан акраҵанакуеит аԥхын алаҵа аҟаҵара, ҭагалан-аӡынтәи ОРВИ, аимҳәа уҳәа егьырҭ аҿкчымазарақәагьы рҽырцәыхьчаразы.

Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп COVID-19 азыԥхьагәазҭо алаҵақәа ԥшьба.

Аԥсны алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит "Спутник V" ала лаҵара 11 аахыс.