Арадио

Раионк аԥсҭазарааҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭатәи аџьармыкьа акәша-мыкәша ахәҳаахәҭра иазкны

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә џьармыкьа акәша-мыкәша ахәҳаахәҭра азҵаатәы аҭыԥ ишықәырҵо.
Sputnik
Раионк аԥсҭазарааҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭатәи аџьармыкьа акәша-мыкәша ахәҳаахәҭра иазкны

"Араион ахада иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны аџьармыкьа акәша-мыкәша еиҿкааз ахәҳаахәҭра аанкылатәын. Араион ахадара, амилициа аузуҩцәа, асанитартә маҵзура аусзуҩцәа зегьы ҳаицны знык-ҩынтә ҳнеит. Ақыҭаҟнытә иаарго рыҭитә зегьы адәахьы ирҭиуан, аџьармыкьа аҩныҵаҟа аӡәгьы днеиӡомызт, абри уадаҩраны иҟан. Зегьы еиқәҷаб иҟоуп ҳәа сызҳәом, аха аҭагылаазаашьа уажәы хар амам. Ауаа идеилыркаан, адәыхьы афатә ргыланы аҭира шиашам. Адәқьанқәа змаз уахь иҩналеит, егьырҭ аџьармыкьа аҩныҵҟахь инаган", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.