Латипов еиҭеиҳәеит сынтәа аԥхынтәи аамҭазы, Ԥсоу аҳәаа ахысраз аҭагылазаашьа зеиԥшроу
© Sputnik
"Ҳтәылахь ԥсшьара иаауа рацәоуп. Рашәарамза актәи азбжазы иоужьу рхыԥхьаӡарала, ԥыхьатәи ашықәсқәа иаҳа ауаа рацәа аҳәаа ианахысуа ҳәа иԥхьаӡоу ԥхынгәыи нанҳәеи амзақәа еиҿырԥшны, сынтәа аԥсшьаратә сезон ҳтәылаҟны азҿлымҳара бзиа амоуп. Уи иахҟьаны агәаранқәа убаратәы иҟоуп, аха уи азҵаара аӡбаразы ҳара ҳаҽрымаадоит шәачатәи аҳәаахьчаратә маҵзура аиҳабыра. Сааҭк- ҩ-сааҭк еиҳаны иалшом макьаназы (агәаранқәа раамҭа аиҵатәра –азгәаҭа).Ҳганахьала иҟоу атәы уҳәозар, хаҭала атуристтә- екскурсиатә гәыԥқәа асиала иҟоуп, заанаҵы ҳаҽрымаадоит, автобус дуқәа хә-минуҭк рыла аҳәааҟны иоуҳажьуеит ирмарианы. Аӡәаӡәала ииасуа рзгьы агәаранқәа ҟаларатәы аҭагылазаашьа ыҟам", - иҳәеит Латипов.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.