Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥачлиа Очамчыра аӡҳәаарбагақәа рышьақәыргылара иазкны

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа Очамчыра араион абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡҳәаарбагақәа амшын аҟны шышьақәыргылоу.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥачлиа Очамчыра аӡҳәаарбагақәа рышьақәыргылара иазкны

Мышқәак раԥхьа Очамчыра ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҟны аӡҳәаарбагақәа шьақәдыргылеит.

"Аибашьра еилгеижьҭеи, иара асовет ҳәынҭқарра хыбгалеижьҭеи аӡҳәаарбагақәа Очамчыра арион иамбацызт. Иныҟаҳҵозгьы ауаа иџьаршьон. 35 цыра ықәҳаргылеит ҩ-километрак рҟны. Ари араион ахадара еиҿыркааит, ҳара ҳаӷба хәыҷ ала амшын ихаҳҵеит. Амшын аҟәараҟынтәи 50 метра инахараны иҟазароуп аӡҳәаарбагақәа, ауаҩы иӡсуа уи дахымсуазароуп",- иҳәеит Ԥачлиа.

Шәазыӡырҩы аудиофаил.