Урыстәыла Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра иахьалҵыз азы ЕАА ахара адырҵеит

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра атәыла-лахәылацәа азин рынаҭон дара-дара рҵакырақәа ирхаԥрааны рырратә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Урыстәыла Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра иахьалҵыз азы Еиду Америкатәи Аштатқәа ахара адырҵеит. Абри атәы аҩуеит РИА Новости Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа шьаҭас иганы.

"Алахәразы иҵаҵӷәны иҟалеит ЕАА алахәхара. 2017 шықәсазы Вашингтон аԥкрақәа аланагало иалагеит Урыстәыла аганахьала, убри аан ЕАА алшара амоуп НАТО атәылақәа Урыстәыла аҵакыра рахыԥраарақәа рзы адыррақәа аиурц. Аиқәшаҳаҭра иалҵтәуп, уи аԥхасҭа ҳнаҭозар. ЕАА асателлит-тәылақәа рҳаирпланқәа ҳтәыла иахаԥыруа амониторинг мҩаԥыргозар, ашәарҭадара аӡбахә абоуҳәари", - аҳәоит адырраҭаҿы.

Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан инапы аҵаиҩит

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан инапы аҵеиҩит рашәара 7 рзы.

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра атәыла-лахәылацәа азин рынаҭон дара-дара рҵакырақәа ирхаԥрааны рырратә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара, урҭ ахаԥраарақәагьы иҷыдоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаны имҩаԥыргалар акәын, изламҩаԥыргоз аппаратқәагьы иҷыдоу аԥҟарақәа ирықәшәозар акәын. Ари аиқәшаҳаҭрала "аибашьра хьшәашәа" ашьҭахь Европа агәреибагара арӷәӷәара алыршахоит ҳәа иԥхьаӡан. Уи нап аҵаҩын 1992 шықәсазы, амчра аиуит 2002 шықәса ажьырныҳәа 1 азы. Иара иалахәылахеит 34 тәыла. Аха Еиду Америкатә аштатқәа уи иалҵит абҵара 22 2020 шықәсазы. 

2021 шықәса ажьырныҳәамзазы Аиқәшаҳаҭра ишалҵуазы аҳәамҭа ҟанаҵеит Москва. Убри аан иазгәаҭан Вашингтон ахымҩаԥгашьа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рбаланс шьақәнаҟьоит ҳәа. 

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан апроект Аҳәынҭдумахь инаишьҭит лаҵара 11 рзы.