Басков иқәгылара, аспортсменцәа реихьӡарақәа: ииасыз амчыбжь афотосахьақәа рҟны

Sputnik

Ииасуа амчыбжь азы адунеи аҿы ихадараз хҭысын Урыстәыла ахада Владимир Путини ЕАА ахада Џьо Баидони реиԥылара.

Аԥснытәи ажәабжьқәа ракәзар, ирацәан ацәажәарақәа зхылҿиааз ахҭысқәа. Амчыбжь злабеиаз ахҭысқәа: Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит ачынуааи адепутатцәеи рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан, Атәыла аиҳабыраҟны афымцалашара амчхаразы иҟоу алшарақәа ртәы иазааҭгылеит, аԥсшьаҩцәа рганахьала ишакәымыз "асасдкылара" аарԥшын Пицунда, алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара еилкаахеит.

Ажәакала, ирацәоуп амчыбжь аҩнуҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа, еиҳа иалкаахаз Sputnik афотосахьақәа рҟны.

1 / 11
Еилаԥсоу ақәԥара GMC азы Германиа ачемпион Кораи Џьенгиз (Ацыгәба) рашәара 17 азы Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз MMA World Mix Fight ачемпионат аҿы аиааира игеит.
2 / 11
ЕВРО-2020 мҩаԥысуеит рашәара 11 инаркны ԥхынгәы 11 рҟынӡа Европа ақалақьқәа жәеиза рҿы. Афото аҿы: Италиатәи акоманда.
3 / 11
Нарҭаа репос амотивқәа рыла стрит-арт Аҟәа иаздырхиоит.
4 / 11
Асаммит Урыстәыла - Еиду Америкатә аштатқәа мҩаԥысит Женева, авилла Ла Гранж аҿы рашәара 16 азы. Атәылақәа рыҩба рхадацәа реицәажәара акраамҭа ицон.
5 / 11
Ҭырқәтәыла, Амармалташьтә мшын аҟәараҿы зхала зыԥсы зшьо аҭыԥҳа.
6 / 11
Аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" апремиера мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы рашәара 15 рзы.
Апиеса атеатр арепертуар иаларҵеит ҷыдала актрисацәа руаӡәк - Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маан лзы. Лара лоуп Памела лрольгьы назыгӡо.
7 / 11
Сан-Исидро-Масатепек Тала, аштат Халиско, Мексика арельсқәа ирықәҟьаз адәыӷба.
8 / 11
Индонезиа, Бандунге аԥсыжырҭа аусзуҩцәа COVID-19 зыхьны зыԥсҭазаара иалҵыз ачымазцәа анышә ианамарда ашьҭахь.
9 / 11
Еицырдыруа урыстәылатәи аестрадатә шәаҳәаҩы Николаи Басков Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны дықәгылеит. Аконцерт еиҿыркааит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" алахәылацәа реизара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
10 / 11
Урыстәыла Аԥкьаҭасразы афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит рашәара 15 азы, Аҟәа.
11 / 11
Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа иаԥскымҭоуп.