Ҷолокәуа абызшәа азакәан анагӡаразы: ажурналистцәа мчыбжьык аҟара абоикот ҟашәҵароуп
© Sputnik
Аԥсышәала еиуеиԥшым аиҳабыратә саитқәа рырцәажәаразы мҩас иҟоу ҳәа игәаанагара ҳәо, Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа иазгәеиҭеит азакәан инақәыршәаны аҭакԥхықәра шхымԥадатәиу.
"Ари иҟауҵаргьы ҟало, иҟаумҵаргьы ауа иҟамзароуп. Сара абри хәшәыс иамоу сыздыруам, аха ма ажурналистцәа шәааицәажәаны мчыбжьык абоикот ҟашәҵа. Рыҽхәаԥхьыӡ шәымҳәан. Аԥсышәала иҟамлар ажәабжь, нас иалагаргьы иудыруеи…", - иҳәеит Ҷолокәуа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амыцхә ахықә ҳазааигәахахьеит: ҳбызшәазы гәҭахәыцрақәак