Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ӷәарзалиа Лашькьындар инхо рыбзазашьа атәы

Лашькьындар инхо Борис Ӷәарзалиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны игәылацәеи иареи рнапы злаку, рџьабаа бзабааны иахьынӡарԥыло, уадаҩрас иҟоу, аагарҭас анхацәа ирымоу.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ӷәарзалиа Лашькьындар инхо рыбзазашьа атәы

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.