"Спутник Лайт" аҭыҵра ианалаго атәы рҳәеит

Лаҵарамза алагамҭазы еилкаахеит акоронавирустә чымазара ҿкы аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы ишҭаргалаз.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Алаҵа "Спутник Лайт" мчыбжьқәак рыҩнуҵҟа аҭыжьра иалагоит, алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа рҿы ахархәара аҭахоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко аканал "Россия 24" аинтервиу анеиҭоз.

"Алаҵа "Спутник Лайт" аҭыжьреи ахаҭабзиареи агәаҭарақәа ирхыжьуп, аиҭалаҵазын иманшәалоуп. Мчыбжьқәак ирхымгакәа ахархәарахь инашьҭхоит", - иҳәеит Мурашко.

Иара убас иазгәеиҭеит алаҵа актәи ахәҭа ахархәарахь ишынашьҭхо рашәара 25 рышьҭахь.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩҩуп. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт.

Иара убас шәаԥхьарц шәылшоит:

  • Аԥсны 3500-ҩык инарзынаԥшуа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵеит