"Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу афатә-ажәтә ақыҭанхамҩатә еиҿкаара рхаҭарнакцәа Аҟәа иҟоуп. Аус еицаҳуеижьҭеи акрааҵуеит, иҳабжьаҳҵоит аиқәшаҳаҭра. Уи инақәыршәаны иаҳзааргалоит еиуеиԥшым ахәшәқәа ахәаҷамаҷақәа рнырҵәаразы. Убас ашыц азы аҳәынҭқарра аганахьала иҳауз (ахәшәқәа - азгәаҭа) рнаҩс, жәларбжьаратәи аиҿкаара аҟынтәгьы иҳауит. Иҟарҵо ацхыраара алҵшәа шамоу рбоит азы мап ацәыркӡом. Сынтәа иаҳзааргеит "Пиринекс" захьӡу ахәшә 100 литрак, уи апальмақәа зфо ахәаҷамаҷақәа ннарҵәоит, убасгьы иааргеит еиҭа "Лиуфенурон", ашыҵ аԥхасҭа азҭо ахәаҷа анырҵәаразы. Ҳара урҭ ахәшәқәа ҳамам ҳәа акәым, иҭабуп уи азы. Ари ахәшә 1000-1200 пальмаҵла ахәшәтәратә иҟоуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәигь ахәшәқәа ҳарҭахьан", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: