Хра злоу ахҭысқәа: Сурманиӡе аҳҭнықалақь аҟны ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызкны
© Sputnik
"…Ҳамҩақәа ақалақь аҟны рҭагылазаашьа шыҟоу жәдыруеит, ақыҭамҩақәа иаҳа еиӷьуп. 2023-2025 шықәсқәа рзы Аинвестициатә программала ақалақь аҟны амҩақәа рацәаны иҟаҵахоит. Амҩа акаҭран ақәҵара зегь реиҳа имариоу усуп, аха уи иԥсахтәуп аӡы мҩанызго ацәаҳәақәа, аӡцрыҵқәа, аӡыршьҭарақәа уҳәа", - иҳәеит Сурманиӡе.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.