Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәбеи Адлеибеи аполитикатә партиақәа рхеилак аԥҵара атәы
© Sputnik
Аполитикатә партиақәа "Аиҭаиреи" "Амцахареи" аусеицура ргәы иҭоуп. Рашәарамза 18 рзы аполитикатә партиа "Аиҭаира" ахеилак аилатәараҟны ас еиԥш ажәалагала ҟаҵан. Аус еицызуо апартиақәа рсиа аҽарҭбаара азԥхьагәаҭоуп. Апартиақәа рхеидкылара ҵакыс иамоу, аусеицура алҵшәа шырбо атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Лесик Цыгәбеи, апартиа апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеибеи.
Шәазыӡырҩы аудио.