Зашҭа џьанаҭ иеиԥшу: Ельмира Ҭаркьылԥҳа аҵиаақәа нап шрыдылкыло

Sputnik

Ҩыџьа аԥҳацәеи ԥаки ран, быжьҩык амаҭацәа ранду Ельмира Ҭаркьылԥҳа Бзыԥҭа ақыҭан лашҭа-лгәара ус баша-маша ицқьаны мацара акәым дшазнеиуа, ара иҭагылоу аҵиаақәа ҷыдала ихырффаны, еиуеиԥшым аформақәа рыҭаны аландшафттә дизаин ԥшӡа аԥылҵоит.

Ара иуԥылоит 50 хкы инареиҳаны аҵлақәеи ашәҭқәеи, урҭ рахьтә 30 инаркны 50 шықәсанӡа зхыҵуагьы ыҟоуп. Зегь реиҳа лгәы азыбылуеит кавказтәи ашыц, уи акыр шықәса раԥхьа лара Аӡиа иаҵәа азааигәара илыԥшааит. Усҟан иара ахаҳә ахьлеиз иахҟьаны иҟәаҟәан иахькажьыз лбан, ирыцҳашьаны, адацқәа аҩныҟа иааганы еиҭалҳаит, нап адкыланы илааӡеит. 

Убри ашьҭахь лара ашыцҵлақәа акымкәа-ҩбамкәа еиҭалҳаит, ус иагьыҟалеит, Аԥсны ашыц еиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь Ельмира лашҭаҿы игылаз ашыц ԥырхага азамҭеит лара иҟалҵоз ахәышәтәрақәа ирыбзоураны. Рқыҭаҿы лара лҿы мацароуп ашыц ахьеиқәхаз.

Ара иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп. Ельмира есышьыжь асааҭ хәба рзы дгыланы урҭ еилылхуеит, имыцхәу амахәқәа рхырффара далагоит. Абарҭ рҩызцәа ашедеврқәа раԥҵаразы шықәсыкгьы азхом.

Абри аҩыза ашҭа, абаҳча рааӡараҿы Ельмира длыцхраауеит лыԥшәма Роман Шармаҭаа, иара убас лҭаца Кристина, хәышықәса зхыҵуа лмаҭа еиҳабы Амина. 

1 / 12
Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан Шармаҭаа рашҭа-ргәара шәҭылеи хкы рацәала иаҵәаралеи иҩычоуп.
2 / 12
Урҭ рыҩны дарбанзаалак илаԥш адымхалакәа дзавсуам, убас иԥшӡоуп, нап адкылоуп акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара.
3 / 12
Ара иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп.
4 / 12
Абри аҩыза аԥшӡара аԥылҵоит анаплакҩы Ельмира Ҭаркьылԥҳа, лара аландшафттә дизаин бзиа илбоит.
5 / 12
Ельмира ашыц лааӡоит. Лара илылшеит шықәсқәак раԥхьа Шәачантәи Аԥсны иқәнагалаз, ашыц аиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь лашҭаҿы изызҳауа ари аҵиаа ацәыхьчара.
6 / 12
Ельмира Ҭаркьылԥҳаи Роман Шармаҭааи рмаҭацәа Аминеи Мариеи бзиа ирбоит ашыц чықьқәа ирыбжьагылоу атәарҭа ақәтәара.
7 / 12
Шармаҭаа рашҭеи рбаҳчаҿи ирызҳауеит 50 хкы инарзынаԥшуа ашәҭқәеи аҵлақәеи.
8 / 12
Ари ашҭаҿы аҭыԥ хада ааннакылоит аслантә пальма ду, уи 50 шықәса раԥхьа ара еиҭалҳахьан Ельмира ланхәа.
9 / 12
Аҭаацәа реиҳабы Роман Шармаҭаа аҵлақәа абылтәхәархьла ихирффоит.
10 / 12
Шармаҭаа рыԥсы ахьыршьои рысасцәагьы атәара бзиа ахьырбои аҭыԥқәа руак.
11 / 12
Аландшафттә дизаин ахь Ельмира Ҭаркьылԥҳа абзиабара лызцәырҵит 35 шықәса раԥхьа лҩызцәа ҳамҭас илырҭаз ашәҟәы "Британиа Ду абаҳчақәа" данаԥхьа ашьҭахь.
12 / 12
Ельмира илҭахуп лара иаԥылҵаз абаҳчақәа акыр шықәса ишәҭларц, икакаҷларц, лара лмаҭа-шьмаҭацәагьы урҭ ирхылаԥшларц.