"Баграт Шьынқәба ҿырԥшыс дсымоуп": Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба иҟазара иазкны

Ҭырқәтәыла, Дарыере (Ҳасанбеи) ақыҭаҟны инхо, 36 шықәса зхыҵуа Аблуллаҳ Салуман Бӷажәба еиҭеиҳәеит дшыхәыҷызнатә аԥсшәа шиҵази насгьы ихатәы бызшәала ажәеинраалақәа шиҩуеи ртәы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба ашкол данҭаз, абжьаратә классқәа рҿы алитературатә еицлабрақәа ихы рылаирхәуан. Исахьаркны аԥхьареи, аҩреи, ажәеинраалақәа рынагӡареи раан изныкымкәа актәи аҭыԥқәа дрыԥсахахьан. Убасҟан аҷкәын аҟазарахь имаз абаҩхатәрагьы ааԥшит, далагеит ажәеинраалақәа рыҩра. Иахьазы урҭ рхыԥхьаӡара шәкы еиҳауп, аԥсышәала иҩу ракәзар, жәаба имоуп.

Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны

Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба ихатәы бызшәа бзианы иҵеит даныхәыҷыз, иабду (иан лаб) Ҭаҳир Аҩӡба ибзоурала, аҩреи аԥхьареи ракәзар, ақыҭаҟны рҵаҩыс ирымаз Беиҳан Ԥалба иҿиҵааит.

"Ашкол сахьынӡаҭаз ажәеинраалақәа рыҩра салагеит. Схатәы бызшәагьы сшыхәыҷызнатә издыруан азы, уи алагьы схы ԥысшәеит. Скьыԥхьымҭақәа еиҳарак Аԥсны иазкуп, иара убас абзиабара. Хымԥада, абызшәа бзиаӡаны издыруа, иаҳҳәап Аԥснытәиқәа, агхақәа адырбалоит, аха сара исылшоз ала аԥсышәала сцәаныррақәа акалам иҵысхит", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

"Баграт Шьынқәба ҿырԥшыс дсымоуп": Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба иҟазара иазкны

Абдуллаҳ Салуман хынтә Аԥсныҟа даахьеит. Раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл аҳәаа данахыҵ амш акәзар, игәы иҭыҵраны иҟам.Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба декономиступ, аха арҿиара ԥсабарала илоу акоуп. Иара гәҭакыс имоуп аԥсышәала иҩу иажәеинраалақәа иҵегь рхыԥхьаӡара иацлар, хаз шәҟәны рҭыжьра. Арԥыс акырӡа дазҿлымҳауп аԥсуа литература. Апоетцәа рахьтә, иҟазара ҿырԥшыганы изыҟалеит Б. Шьынқәба.

"Баграт Шьынқәба ҿырԥшыс дсымоуп": Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба иҟазара иазкны

"Аԥсны сшьапы анықәсыргыл наахыс, иснырыз ацәаныррақәа ртәы сҳәартә еиԥш, ус иҟоу ажәақәа адунеи иқәым, убриаҟара саршанхеит", - инаҵишьит ҳџьынџьуаҩ.

Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны

Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба Аԥсны иҟазаара иалагӡаны Аӡиа Риҵа, Ауадҳара, Афон ҿыц уҳәа акырџьара деимдеит, аха зҟазара дыхнахыз апоет Б. Шьынқәба иҩны амузеи ахь дцартә еиԥш изыҟамлеит. Убри аҟнытә арԥыс гәҭакыс имоуп ҽазны данаауа раԥхьаӡакәны уи аҭаара.

Ҳџьынџьуаҩ иҳәеит Аԥсны аҩызцәа ширҳаз, урҭ иреиуоуп Нарҭ Ламиа, Баҭал Абыџба, Беслан Абӷаџьаа.

Амҳаџьырра аамҭақәа раан, Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Абдуллаҳ Салуман иабду иаб Ибраҳим иоуп. Иара усҟан аашықәса ихыҵуан.

"Сабду иаб Ибраҳим аашықәса ихыҵуан атәым дгьыл ахь иаб иашьцәа дрыцны данаауаз. Уи аамҭазы иани (лыхьӡ ргәалашәом) иаб Гьедлачи рыдунеи рыԥсаххьан. Ахҵәацәа Трабзон иӡхыҵит", - рҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылеит арԥыс.

"Баграт Шьынқәба ҿырԥшыс дсымоуп": Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба иҟазара иазкны

Ибраҳим акыр шықәса Трабзон дыҟан, уаҟа изҳаит, дзааӡазгьы иаб иашьа Ҳаџьы-Сулуҳә иоуп. Бӷажәаа рыбзазара еиҿкааны, акы иазрыцҳамкәа ишыҟаз,ақырҭцәеи дареи ауаҩшьра рыбжьалеит, анаҩс Диузџьеҟа нхара иааит.

Иаԥсыуа жәлахеит: Араԥиԥа ажәла шыҟалаз иазкны

"Ибраҳим, Диузџье ақалақь ахахьы, Анхәа ҳәа аԥсуаа зышьҭаз ақыҭаҿы анхара далагеит. Уаҟа аҳауа цқьан, аха ашьхаҭыԥ аҿы аӡынра абзазара аиҿкаара уадаҩхеит аҟнытә, Дарыере ҳәа иахьа ҳахьынхо, аамҭала Маршьанаа идыргылаз ақыҭахь иҭаацәа иманы дылбааит", - еиҭеиҳәоит Абдуллаҳ Салуман.

Ибраҳим Бӷажәба Аҳмеҭ захьӡыз ԥазаҵәык диман. Аҭаацәара уаҳа еиҵыҵыртә еиԥш изыҟамлеит. Ибраҳим Османтәи аимпериа имҩаԥнагоз аибашьраҿы Чанаккале хабарда дыбжьаӡуеит.

Аҳмеҭ иан Џьаԥраԥҳа (лыхьӡ ргәалашәом) длааӡоит. Аҷкәын ианизҳалак диразҟхоит Зеқьие Андарбуаԥҳа (Кәтыблаа). Дара ирхылҵуеит хәҩык ахшара.

Иахьа Ҭырқәтәыла Осман Бӷажәба иҟынтәи аԥшьбатәи абиԥара еиҵагылеит.

Мышкызны, Абдуллаҳ Салуман Бӷажәба игәаӷьны иџьынџьдгьыл ахь дхынҳәыр, Осман ишьҭра иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иацлон.