Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Sputnik Аԥсны акорреспондент Саида Жьиԥҳа ҩымзи бжаки раахыс Ҭырқәтәыла дыҟоуп. Ари аамҭа иалагӡаны ҳашьцәа аӡәырҩы дырҭаахьеит, рынхашьа-рынҵышьа иазку анҵамҭақәа ҳадылгалахьеит. Иахьа лара иаҳзеиҭалҳәоит иацы, рашәара 26 рзы лыблала илбаз аԥсуа чара амҩаԥгашьа атәы.
Sputnik

Ҩымзи бжаки Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны, акырџьара аныҟәарақәа сзеиҿылкааит сҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа). Иацы лара исылҭеит алшара аԥсуа қыҭа чара сыблала абара. Зынасыԥ еилазҵаз Ихсан Аиқәысбеи Фатма Аҩӡԥҳаи рчарахь сылгеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭақәа рҿы нхаҩык ачара аниуа, иуаажәлар зегьы ицгәырӷьоит. Аныҳәа мчыбжьык шыбжьоу ажәабжь заҳауа зегьы аҭаацәа ирыдырныҳәаларц ирызнеиуеит. Ачара аҽны агәырӷьаратә хҭыс еиднакылоит зықьҩыла ауаа.

Асабшаҽны, рашәара 26 рзы, аԥсуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭаҟны Аиқәысаа ачара рыман. Ашьыжь агәылацәа еизеит, аԥшәма игу иазҵааит, ирылшо аҿы ивагылеит.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Анаҩс аҭацаагацәа амҩа иқәлеит. Ҳаргьы шьыбжьон асасцәеи аҭынхацәеи реиԥш ашҭа ҳанҭалеит. Уи аамҭазы аҭаца дааргахьан.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Ҭырқәтәыла аԥсуаа рчара аиҿкаашьа даара аинтерес сзаҵан азы, зехьынџьара снаԥшааԥшуан. Ашҭа, агәара, аанда уҳәа арҩычагақәа рыла ирхиан. Ашьшәыраҿы ахаршә алхыҩцәа тәан.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Аԥшәмеи иганаҿы инхоз агәылацәеи рашҭақәа рҿы асасцәа рыԥсы ахьыршьаша аҟәардәқәеи аишәақәеи гылан. Уажәы уажәы аҿар ачаи рызнаргон.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Аԥшәма ибаҳчаҿы ҩба-хԥа метра аура змаз аишәа столқәа ҩажәаҟа ашьаԥа еиԥшыз ахыҵакырҭақәа ирыҵагылан, аха аӡи аирани рыда ачыс ықәны исымбаӡеит. Сҩыза "акрыфара ыҟаӡами" ҳәа иџьашьаны санлазҵаа, "иҟоуп, амла иакуа аишәа данадтәалалак амаҵуцәа аԥрынџь акәац аваҵаны, нас ахааи изнаргоит" лҳәеит. Аԥснытәи ачарақәа рҿы чысла еицлабуеит азы, уи сара уамашәа избеит. Аҭаца лакәзар, дахьышьҭало ауадаҿы ддыртәоит. Уахь инеины аԥсшәа лазҳәо аҳәса заҵәык роуп.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Ҭырқәтәыла аԥсуа чарақәа раан аԥшәма аламала ауал иқәшәаӡом. Иалиҵаз ылихуеит.

Ахәылбыҽхан иалагоит аинтерес зҵоу аԥсуа кәашара. Амра анҭашәалак, ахацәа азҟазацәа аӷәы лаба иасуа, рыбжьы ақәыргауа ажәытә аԥсуа кәашарахь ачарауаа аарыԥхьоит. Акәашара аадыртуеит аҭацаҩызеи қәрала илываҟәыло арԥыси. Абраҟа даара исгәаԥхаз акәны иҟоуп еицыкәашо иахьрывамло. Аԥҳәызбацәа ааԥхьара иазыԥшны аӷәы лаба иасуа ахацәа рывара игылоуп. Акәашара мҩаԥысуеит шьаҵада.

Ргәеисыбжь еицгоит: Ҭырқәтәыла аԥсуа чара Саида Жьиԥҳа лыблала

Аԥсуа кәашара аазыртыз арԥыс, акәашарҭа ҭыԥ аҟынтә данықәҵлак, аӷәы лаба иасуа рахьтә руаӡәы дкәашарц дангылалак, илаба имхны иҭыԥ аҟны дтәоит. Убас зегьы кәашаанӡа рымаҵ иуеит. Аҭацаҩыза лакәзар, икәашаны зҭыԥ ахь инеиуа ақалԥад ҿыцқәеи ачабрақәеи рзылшоит. Шьаҵада акәашареи арҭ аҳамҭа хәыҷқәеи ршара ҵакыс иамоуи ртәы сзеиҭеиҳәеит ачараҿы сасыс иҟаз Ердынч Аҭеиба.

"Аӷәы лаба асра ари зқьышықәса раԥхьа иҳаднагалаз культуроуп. Игәашәҭазар ҟалап, аӷәы иасуа ахацәа рлабақәа рҟьашьа ргәеисыбжь ишақәшәо. Икәашо изгьы даара иманшәалоуп. Избанзар агәы аритм ианааланы икәашо дааԥсаӡом. Амырзакан ихьшәаны иҳауз акоуп. Ашьаҵа ашьхра акәзар, уи ҵакыс иамоу уи ауп, арԥыси аԥҳәызбеи аныкәашо, ашьацәхыртәра рзыманшәалахарц. Ажәытәан иманшәалаз аимаа абаҟагәышьаз, уи азы ршьапы хыртуан, иахьанӡагьы ус иаҳзаанхеит", - инаҵишьит иара.

Ердынч иажәақәа рыла, еицыкәашо раԥхьа, адунеи шыгьежьуа еиԥш, акәашарҭа ҭыԥ иакәшоит, анаҩс аӷәы лаба иасуа рахь иааҳәуеит. Акәашара анхдыркәшалак, аҭацаҩыза ақылԥад ҿыцқәа рылҭоит реимаақәа рымҟьшьырц. Ачабра ҳамҭас аҭара иҿыцны иаланагалеит. Анкьа аҭацаҩыза аӡәы ачабра илҭар, дылгәаԥхеит ҳәа акәын иаанагоз, уажәы зегьы ирзыршоит.

Аӷәы лаба асра наука дуӡӡоуп ҳәа азгәеиҭеит Ердынч Аҭеиба. Уи хазы алацәажәара аҭахуп. Иара агәеисыбжь аритм иақәшәоит ҳәа исзеиҭеиҳәазгьы немец профессорк, афольклорҭҵааҩык иҟынтә иаҳаз ауп иҳәеит иара.

Сызлахәыз ачара даара сгәы иахәеит. Иалыскаауа иреиуоуп аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа, реицәыԥхашьара, арыжә џьбара аҟамзаара, аҭаца дахьтәоу ахацәа иахьырусым. Ачараҟынтә аӡәгьы амла дакны дцаӡом, аха чысла иахьымеицлабуа, насгьы рчара ахашәала бзиа ахьырнаҭо зынӡа сеигәырӷьеит.

Сҩыза, Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа, ажәытәтәи ачарақәа еиҳагьы аинтерес рыҵан лҳәеит, уамакала алаф рҳәон. Мчыбжьык аԥшәма игәараҭаҟны кәашаран, шәаҳәаран. Аха уеизгьы сара сыла иабаз аԥснытәиқәа ҳзы иҿырԥштәы бзианы исыԥхьаӡоит.