Урыстәыла аусуҩцәа-мигрантцәа алаҵа рзыҟаҵара еиҿыркаауеит

Урыстәыла аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩхеит. Уахыки-ҽнаки рыла 20 000-ҩык рҟынӡа чмазцәахоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Урыстәылаҟа усура инеиуа аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы алаҵаҟаҵара еиҿкаахоит ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Абри азы атәыла аиҳабыра анапынҵа риҭеит атәыла ахада Владимир Путин, ҳәа аанацҳауеит Кремль асаит.

Ҟәыбинатәи аотельқәа рахь ирыдыркыло алаҵа ма ПЦР-тест азы ашәҟәы рымазароуп

Иазгәаҭоуп ауснагӡатә аԥаразоужьра ахыҵхырҭақәагьы.

Авирус алаҵәара аанкылара алыршаразы регионқәак рҿы иӡбоуп хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак хымԥадатәи алаҵаҟаҵара рахыжьра.

COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы зегь раԥхьа алаҵа ашәҟәы иҭанагалеит Урыстәыла. Иазыԥшуп аԥхын анҵәамҭазы 70% ауааԥсыра алаҵа рзыҟарҵап ҳәа. Уи иалнаршоит аколлективтә иммунитет аԥҵара.