Амра, амшын, атуристцәа: Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьара иасакьаҳәымҭоуп

Sputnik

Абар аԥхын раԥхьатәи амза ахыркәшарахь инеит. Аԥсны акурорттә сезон активла иалагеит, ҳтәылаҿы атуристцәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит. Уи еиҳарак изыхҟьо Краснодартәи атәылаҿацә аҟны акоронавирус иаҿагылоу аԥкрақәа ахьырџьбароу ауп.

Пицундеи Гагреи рҟәарақәа макьана зынӡаҵәҟьагьы иҭәӡам, аха иагьыҭацәым. Жәа-нызқьҩыла атуристцәа аҳауа ԥхарра, амшын ҟәанда, амра хаа рыԥсы аларшьоит. 

Аӡәырҩы арахь иаауеит мышктәи аекскурсиақәа ҳәа иаауеит. 

Атуризм азы аминистрра ишазԥхьагәанаҭо ала, Аԥсныҟа ари атуристтә сезон азы иаараны иҟоуп миллионки бжаки раҟара асасцәа, уи хәышә нызқь рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа. Рашәарамза азбжанӡа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҭааит 150 000-ҩык ауааԥсыра, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 100 000-ҩык.

1 / 13
"Акурорт Пицунда" аплиаж рашәарамза аҵыхәтәантәи амшқәа раан.
2 / 13
Атуристцәа Пицунда амшын аҟәараҿы амра ацәиаалара адагьы, алшара рымоуп аекскурсиатә ӷба иақәтәаны Мысра игылоу Горбачиов идачаҟынӡа ицан иаар.
3 / 13
Аԥсны атуризм азы аминистрра адыррақәа рыла, рашәарамза азбжанӡа атуробиектқәа зегьы 100 процентк рыла иҭәын.
4 / 13
Атуристцәа Аԥсны акурортқәа еиҳа иалырхуеит аратәи амшын цқьеи, аҳауа зҩыдеи, аԥсабара аԥшӡареи, аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасдкылашьеи азоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
5 / 13
Аԥсныҟа еиҳарак урыстәылатәи атуристцәа роуп иаауп. Сынтәа ара ирзыԥшуп миллионки бжаки атуристцәа.
6 / 13
Атуристцәа еижәыланы арахь иахьдәықәлаз акоронавирус иахҟьаны аҳәаақәа ахьаркуи Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыбжьара авиаеимадара ахьыԥкуи азоуп ҳәа рҳәоит.
7 / 13
Урыстәылатәи атуристка гагратәи аколоннадаҿы дгыланы амшын дхыԥшылоит.
8 / 13
Гагра аԥшаҳәаҿы ааигәа аусура иаладыргеит 55 метра иҟоу анаԥшы-ааԥшырҭатә барбал.
9 / 13
Зықьҩыла атуристцәа рҭаацәа рыманы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауеит.
10 / 13
Аԥсны амшын аҟәараҿы иагьшоуроуп, иагьыԥшӡароуп, иара убас ара аамҭа шьахәла иухугоит.
11 / 13
Амшын аҟәара иаваршәны иныҟәоит атуристцәа назга-аазго аӷбақәа, урҭ рҟынтәи аԥсшьабцәа ирызҿырҭуеит, амшын агәаҟынтәи аԥшаҳәа иахәаԥшырц иаарыԥхьоит.
12 / 13
Амра аҭашәамҭаз зегь иреиӷьу афотоқәа алҵуеит, еиҳарак аҭыԥҳа ԥшӡагьы ааигәа днеиуазар.
13 / 13
Амра амшын инӡаалеит, даҽа ԥхны мшыкгьы абас ала ихыркәшахеит.