Арадио

Мықәба асасааирҭақәа рҿы COVID-19 аҽацәыхьчаразы: зегьы иргәаԥхом, аха ада ԥсыхәа ыҟам

Аԥснытәи асасааирҭақәак рнапхгаҩы Адамыр Мықәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит COVID-19 аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ишрықәныҟәо, ачымазара зцәа иалоу ҳәа агәҩара зызроуз рзы ирыдыркыло аԥкрақәа ртәы.
Sputnik
Мықәба асасааирҭақәа рҿы COVID-19 аҽацәыхьчаразы: зегьы иргәаԥхом, аха ада ԥсыхәа ыҟам

"Иахьатәи амш азы ҳсасааирҭақәа рҿы аҿкы зыдбалаз аԥсшьаҩы ҳәа далҳамкаацт. Ҳара ҳабоектқәа рҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа излаҳалшо ала ҳрықәныҟәоит. Краснодартәи атәылаҿацә ирыдыркылаз аԥҟарақәа реиԥш ҳаргьы иҳадаҳкылар, атуризм аганахьала ҳусқәа даара ицәгьахоит. Хымԥада, аагарҭеи агәабзиареи рыбжьара еиҳа ихадоу агәабзиароуп. Асасаирҭақәа рҿы ишақәнагоу зегьы аԥҟарақәа ирықәныҟәароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам, ҽакала иауӡом. Асанитартә маҵзура аҟынтә иаауеит, игәарҭоит, иҟаҳҵаша ҳарҳәоит. Ачымазара змоу ҳәа агәҩара ҳаур, ҳәарада, иара ахәышәтәырҭахь дҳашьҭуеит, ара аангылашьа имаӡам", - еиҭеиҳәеит Мықәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: