Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчал ашколқәа рҿы аԥышәарақәа рыҭира иазкны
© Sputnik
"Аԥсны аҵара министр ишьақәнырӷәӷәаз аграфик инақәыршәаны, иахьа, а-9-тәи а-11-тәи аклассқәа рҿы аԥышәарақәа мҩаԥысуан. Згәы бзиам, ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу рзы аиҭаҭииразы аамҭа ыҟоуп. Урыстәыла иҭало дыҟазаргьы, иахьӡоит. Ажәакала, аԥышәарақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп, асанитартә нормақәа ирықәшәауа еиҿкаауп, уадаҩрада. Алҵшәақәа рзы аинтерес амоуп. Аҵарашықәс акырынтә еиԥырҟьан, аха аԥышәарақәа ирҭииртә иҟалоит ҳәа ҳгәы иаанагоит", - еиҭалҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.