Ердоган иҳәеит аӡымҩахгага "Сҭампыл" аусурақәа анхыркәшахо атәы

Аӡымҩахгага "Сҭампыл" Амшын еиқәеи Амармалташь мшыни еиднаҳәалоит. Иара Босфор альтернативаны иазыҟалоит. Аргылара хацдыркит рашәара 26 азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1- Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит аӡымҩахгага "Сҭампыл"  Босфор иаваршәны Амшын еиқәеи Амармалташь мшыни еиднаҳәалоит, аргылара лассы иалагоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара аӡымҩахгага  мацара акәым иҳаргыло, ара иҟалоит  абаӷәазақәа, аинфраструктуратә ргыларақәа, аӡәырҩы ҭыԥла еиқәзыршәо. Аӡымҩахгага, ақалақь Сҭампыл аԥс ҿыц аханаҵоит. Фышықәса рышьҭахь иара ахархәарахь ирыҭахоит", - иҳәеит Ердоган.

Иара убас Ердаган иҳәеит аӡымҩахгага акәша-мыкәша адгьылҵысра ду зычҳауа, 500 000-ҩык рҟынӡа ауаа зыҩнаҵахо аҩнқәа шыргылахо.

Аӡымҩахгага "Сҭампыл" аргылара хацдыркит рашәара 26 азы. Апроект анагӡараз ашьапы кын ацҳақәа фба руак.

Апроект нагӡахар Ҭырқәтәыла иналукааша инфраструктуратә ԥшьгамҭахоит, Босфор атранспорттә нырра еиҵанатәуеит.