Арадио

Габуниа COVID-19 аҟнытә аԥкрақәа рзы: рырԥсыҽра зынӡагьы иаԥсамызт

Ԥхынгәы 5 инаркны Аԥсны иалагалоуп аҿкычымазара аламырҵәаразы аԥкрақәа. Иалнаршоума дара аҿкы аҽацәыхьчара, абри азы игәаанагара иҳәеит азиндырҩы Гьаргь Габуниа.
Sputnik

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковидҿагыларатә усқәа рырӷәӷәаразы аусдҵа инапы аҵеиҩит. Адокумент инақәыршәаны ԥхынгәы 5 инаркны иаанкылахоит ачарақәа, аныҳәақәа, аиныхрақәеи егьырҭ ауснагӡатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфарачаратә хыбрақәеи рҿы.

Габуниа COVID-19 аҟнытә аԥкрақәа рзы: рырԥсыҽра зынӡагьы иаԥсамызт

"Ачарақәа рымҩаԥгара ахыбра аҩныҵҟа мацара акәым, иаҳа ирџьбаразар бзиан аԥкрақәа, еиҭа мызкы-ҩымз раԥхьагьы. Лаҵарамзазы ачарақәа рацәаны иҟан, саргьы исаҳәаз маҷмызт, сымцар адагьы ԥсыхәа ыҟамызт. Сгәанала, иара ачара ахаҭа аура мап ацәктәын. Арԥсыҽрақәа ралагалара зынӡагьы иаԥсамызт ҳәа сгәы иаанагоит. Иҟоуп ауаа аҭагылазаашьа аԥсшьаҩцәа раара иадызҳәалоу, аха са сгәы иаанагоит ҳара-ҳара ҳабжьара, ачарақәа, аиныхрақәа, иара егьырҭ аумҩаԥгатәқәа, ҳаԥсшәаҳәара уҳәа иахылҿиааит ас еиԥш ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара ҳәа. Сгәанала, ажәлар реизгара иаԥсаӡам зынӡаск", - еиҭеиҳәеит Габуниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: