Урыстәыла атәылауаа урыстәылатәи алаҵа змоу Ҭырқәтәыла ацара рылшоит

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аанкылан мшаԥы 15 аахыс аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны. Рашәара 22 азы Урыстәыла аԥкрақәа аԥнахит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1- Sputnik. Урыстәыла атәылауаа иарбанзаалак урыстәылатәи алаҵа ҟарҵазар, уи азы аршаҳаҭга рымазар Ҭырқәтәыла ицар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ААР аминистр Мевлиут Чавушоглу.

"Алаҵа ҟазҵаз дарбанзаалак дҳадаҳкылоит. Алаҵа змам рҟынтәи ПЦР-тест рымазароуп. Ари азеиԥш шәарҭадароуп",- иҳәоит Чавушоглу Анталиа Сергеи Лаврови иареи еицымҩаԥыргаз апресс-конференциаҿ.

Ҭырқәтәыла алалара аԥҟарақәа рыла 6 шықәса иреиҳабу алаҵа змам атуристцәа рҟынтәи ПЦР-тест азы аршаҳаҭга рымазароуп аҭыԥ ахь инеиаанӡа 72 сааҭ раԥхьа иҟарҵаз, ма аҵыхәтәантәи фымз рыҩныҵҟа ачымазара шырхыргаз азы аршаҳаҭга.

COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" ҟазҵаз уи азы асертификат рымазароуп, насгьы англыз бызшәала ихарҭәаазароуп, аҳәаанырцә атәылауаҩшәҟәы адыррақәа аныԥшуазароуп.